Азенитчикцәа "аӷа" аԥырҩы дызмам иҳаирпланқәа ириехсуан

© Sputnik / Георгий Зимарев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны аҵараҽазыҟаҵарақәа мҩаԥызгоз урыстәылатәи азенитчикцәа
Аԥсны аҵараҽазыҟаҵарақәа мҩаԥызгоз урыстәылатәи азенитчикцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵараҽазыҟаҵарақәа мҩаԥызгоз урыстәылатәи азенитчикцәа аԥырҩы дызмам аҳаирпланқәа ириехсуан. Абри атәы аанацҳаит Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә база апресс-маҵзура.

АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik. Аԥсны аҵараҽазыҟаҵарақәа мҩаԥызгоз урыстәылатәи азенитчикцәа електронтә ракетала "аӷа" аԥырҩы дызмам иҳаирпланқәа ириехсуан. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон аполигонқәа Гәдоуҭа, Нагвалоу, Ҵабал рҟны. Абри атәы ааицҳаит Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә база апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафьев.

"Аҽазыҟаҵарақәа раан иларышьҭуан 2 километрак ҵәҩанҵәы иҟоу, зыласра сааҭк ала 200 километра инаӡоу аҳаирпланқәа", — иҳәеит иара.

Аӷа" иԥрыгатә хархәагақәа аимитациа рзыруан аԥрыгатә аппаратқәа "Орлан", "Застава" "Гранат".

Аполигонқәа рҟны аҵараҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 600-ҩык аррамаҵзурауаа, арратә техника 50 цыра, азенит комплексқәа "Оса-АКМ", "Стрела-102, ЗРК "Игла 2" абрахь иналаҵаны.

Аобиектқәа рыԥшаареи рҭархареи мҩаԥыргон арадиолакациатә станциа "Гармонь" ахархәарала. Астанциа ахархәаратә радиус наӡоит 45 километра.. "АҾҼ (ПВО) арратә расчотқәа аус адырулеит аҳауатә обиектқәа рыԥшыхәра, раанкылара, рымҩаԥгара, рҭархара азҵаарақәа. "Аӷа" ақәылара алиршар зуаз аобиектқәа зегьы аракетақәа рыла "иҭархан" ҳәа арбоуп апресс-маҵзура адырраҭараҟны.

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә округ арратә база азенит-ракетатә ҟәша аррамаҵзурауаа ирыцлараны иҟоуп абрахь иаарышьҭуа, зҵара хзыркәшаз артеллеристцәа, азенитчикцәа, амотохысыҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0