Владимир Путин Анатоли Бибилов дидныҳәалеит

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча президента РФ В. Путина с президентом Республики Южная Осетия А. Бибиловым
Встреча президента РФ В. Путина с президентом Республики Южная Осетия А. Бибиловым - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аԥҵара 27-шықәса ахыҵра амш азы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Кавказтәи арегион аҟны ашәарҭадара еснагь адгылара шанаҭо.

АҞӘА, цәыббра 20 — Sputnik. Владимир Путин Анатоли Бибилов идиныҳәалеит Ареспублика Амш. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.

Ахаша, цәыббра 20 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла иазгәарҭоит Ареспублика Амш. Иазыԥхьагәаҭоуп аныҳәатә уснагӡатәқәа жәпакы.

"Ари аныҳәа ауаԥс жәлар рфырхаҵареи ргәымшәареи иасимволны иҟоуп, аҭынч ԥсҭазааразы хамегӡарала ақәԥара иасимволуп", — ҳәа азгәеиҭеита дныҳәаларатә шәҟәы аҟны Владимир Путин.

Урыстәыла Ахада ахә ҳаракны ишьоит атәылақәа рыбжьара имҩаԥысуа аиҩызаратәи, агәылеимабзиаратәи еизыҟазаашьақәа рыҟазаара, иазгәеиҭоит Урыстәыла ԥхьаҟагьы Аахыҵ Уаԥстәыла аҿиаразы имҩаԥнаго аҽазышәарақәа рҟны адгылара ду шанаҭало.

Ажәабжьқәа зегьы
0