Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Урыстәылеи КНДР-и ԥхьаҟатәи игәҭакқәа дрыхцәажәеит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЧрезвычайный и полномочный посол США Джон Мид Хантсман
Чрезвычайный и полномочный посол США Джон Мид Хантсман - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа, аҩаша, Џьон Хантсман Кремль агәраргаратә шәҟәқәа ииҭахьан Урыстәыла Ахада Владимир Путин.

АҞӘА. жьҭаара 9— Sputnik. Москва ацхыраарала КНДР аицәажәара адыԥхьалара алшозар ҳәа ҳгәыӷуеит иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациахь иааз Америка Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Џьон Хантсман. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

"Сгәы иаанагоит Урыстәылеи Америкеи еидгыланы ирылдыршап ҳәа КНДР иахьатәи арежим адипломатиатә ӡбара аԥшааразы аицәажәарахь акылгара", — иҳәеит Ацҳаражәҳәаҩ ақалақь Солт-Леик-сити (штат Иута) аҟны, иара иаҳаҭыр азы еиҿкааз ацеремониаҿ.

 Хантсман аамҭак азы Иута агубернаторс дыҟан. Ацеремониаҿ, амаҵзура Associated Press ишаҳәо ала, иҟан асенатор Оррин Хатч, аконгрессмен Миа Лав, Ацҳаражәҳәаҩ иаб — амиллиардер Џьон-Хантсман-аиҳабы.

 Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иҳәеит илшо зегь шыҟаиҵо Москвеи Вашингтони реизыҟазаашьа аиӷьтәразы.

 Уаанӡа, аҩаша, Џьон Хантсман Кремль агәраргаратә шәҟәқәа ииҭахьан Урыстәыла Ахада Владимир Путин.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0