Евроеидгыла асанкциақәа ирыхҟьаз ацәыӡқәа аԥхьаӡоит

© REUTERS/Dado Ruvic/IllustrationЕС
ЕС - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аекспертцәа иазгәарҭоит Урыстәыла аекономика 2018 шықәса рзы 1,7% рыла аизҳара аиур алшоит ҳәа. Избанзар асанкциақәа ирыхьмырԥшыкәа Урыстәыла иалшеит ахатәы економика ашьақәыргылара.

АҞӘА, жьҭаара 12— Sputnik. Евроеидгыла аҟны асанкциақәа ирыхҟьаз ацәыӡқәа рыԥхьаӡеит. Ацәыӡқәа идыртәеит 30 миллиард евро рҟынӡа. Абри атәы аанацҳаит Sputnik Литва апортал ИноСМИ адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Аҭҵаарақәа мҩаԥнагеит аекономикатә ҭҵаарқәа рзы австралиатәи аинститут Wifo, Европарламент адҵала. Аекспертцәа ражәақәа рыла Евроеидгыла Урыстәылаҟа иаанашьҭуаз аекспорт 2013 шықәса рзы 120 миллиард евро иҟызҭгьи,  2014 шықәса рзы 72 миллиард евро рахь илаҟәит.

Зегь раасҭа аԥхасҭа аиуит Германиа. Иара иацәыӡит 11,1 миллиард евро. Нас ицоит Польша, Британиа Ду. Литва 12-тәи аҭыԥ ааннакылоит.

Амаҵзура Bloomberg аналитикцәа рыхәшьарақәа рыла Урыстәыла аекономика 2018 шықәса рзы 1,7% рыла аизҳара аиур алшоит.  Избанзар, асанкциақәа ирыхьмырԥшыкәа Урыстәыла иалшеит ахатәы економика ашьақәыргылара.

Ажәабжьқәа зегьы
0