Урыстәылатәи аспортсменцәа аолимпиадахь инарышьҭуам

© Sputnik / Гильем Бейкер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОлимпиада
Олимпиада - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы аҩашаҽны ирыдыркылеит аӡбра, Урыстәыла аспортсменцәа 2018 шықәса рзы Пхенчхантәи аолимпиада раламырхәразы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 6— Sputnik. Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы аҩашаҽны ирыдыркылеит аӡбра, Урыстәыла аолимпиатә еилакы 2018 шықәса рзы Пхенчхантәи аолимпиада аламырхәразы. Абри атәы аҳәоит ЖәАЕ (МОК) аофициалтә саит ҳәа аанацҳауеит Р-Спорт.

"Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы анагӡаратә еилакы, Самуель Шмид зхадараҿы дыҟоу Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы акомиссиа ажәахәнҵа ибзиоуп ҳәа ахҳәааны аӡбра аднакылеит Урыстәыла аолимпиатә еилакы 2018 шықәса рзы Пхенчхантәи аолимпиада аламырхәразы", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Адунеизегьтәи адопингҿагыларатә маҵзура (Всемирное антидопинговое агентство (WADA) Ричард Макларен знапхгараҿы дыҟоу ихьыԥшым акомиссиа урыстәылатәи аспортсменцәа адопинг рыдыркылон ҳәа алкаақәа аныҟанаҵа ашьҭахь Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы акомиссиақәа ҩба аԥнаҵеит. Урҭ руак—Денис Освальд зхадараҿы дыҟаз, 2014 шықәсазтәи Шәачатәи Аолимпиада иалахәыз аспортсменцәа рдопинг-пробақәа еиҭагәарҭон. Урҭ агәаҭарақәа рышьҭахь 11-ҩык иранашьаз рҳамҭақәа иашамкәа иранашьан ҳәа ирыԥхьаӡеит.

Аҩбатәи акомиссиа, Ианош Шмид зхадараҿы дыҟаз, иҭырҵаауан абри аус аҳәынҭқарра алахәра. Урыстәылатәи амчрақәа уи мап ацәыркуеит.

2018 шықәса рзы Аолимпиатә хәмаррақәа мҩаԥысуеит Пхенчхан ақалақь аҿы, жәабран 9 —25 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0