Биткоин ахәԥса еиҳа-еиҳа ишьҭыҵуеит

CC0 / / Золотые биткоины
Золотые биткоины - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апортал Coinmarketcap адыррақәа рыла ԥхынҷкәын 7 рзы биткоин (BTC) ахәԥса 29,4% иҳаракхеит, иагьхалеит 16,708 нызқь доллар рҟынӡа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 8— Sputnik. Иахьазы адунеи аҟны еиҳа зыӡбахә еимдырҟьо акриптовалиута биткоин (bitcoin) ԥхынҷкәын 7 рзы биткоин (BTC) ахәԥса 29,4% иҳаракхеит, иагьхалеит 16,708 нызқь доллар рҟынӡа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Ԥхынҷкәын 7 рзы, ашьыжьымҭан биткоин 14 нызқь доллар иҟан, шьыбжьон — 15 нызқь доллар.

Города Мира. Каракас. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Венесуела акриптовалиута аларгалоит

Coinmarketcap адыррақәа рыла акриптовалиута аџьармыкьа аҟны аԥшьаша, 430,16 миллиард доллар ыҟан. Акапитализациала актәи аҭыԥ ааннакылоит биткоин (BTC): иара ахәшьара 283,07 миллиард доллар ыҟоуп.

Ииасыз амчыбжь инаркны биткоин ашьҭыҵра иалагеит. Мышқәак рыла арекорд ҟанаҵеит.

Тәылақәак рҟны акриптовалиутатә џьармыкьақәа аадыртит. Урыстәыла анапхгара ари аус даара амаршәа кны иазнеиуеит. Урыстәыла Абанк хада изныкымкәа аҳәамҭа ҟанаҵахьеит акриптовалиута Урыстәыла ахәаахәҭра алархәра заацәоуп ҳәа, ишәарҭоуп ҳәа ишьаны.

Урыстәыла Абанк мап ацәнакуеит акриптовалиутала ахәшәарақәа рымҩаԥгара, финанстә пирамиданы ишьаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0