Урыстәылатәи ар рыхәҭақәак Шьамтәыла иалгахоит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел заседание Координационного совета
Президент РФ В. Путин провел заседание Координационного совета - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи арратә контингент Шьамтәыла иалгахоит мчыбжьык аҩныҵҟа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 — Sputnik. Урыстәылатәи арратә контингент Шьамтәыла иалгахоит, урҭ Урыстәылаҟа ихынҳәуеит мчыбжьык аҩныҵҟа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Владимир Путин иҟаиҵаз аҳәамҭа ҵаҵӷәыс иганы. Аҳәамҭа ҟаҵоуп Урыстәыла Ахада шьамтәылатәи Хмеимим аҟны иҟоу арратә база аррамаҵзурауаа рҿаԥхьа данықәгылоз.

"Ҩышықәса инарзынаԥшуа Урыстәыла арратә мчрақәеи шьамтәылатәи ари жәларбжьаратәи атеррористцәа ирҿагыланы иқәԥон, иагьыриааиит. Убри инадҳәаланы сара исыӡбеит ар рыхәҭа аиҳарак рыԥсадгьыл ахь рыргьыжьра", — иҳәеит иара.

"Атеррористцәа еиҭах рхы иҩахар, уаанӡа изнымиацыз ианҳариар ҳалшоит", — ҳәа азгәеиҭеит Путин.

2016 шықәса хәажәкырамзазы Путин Шьамтәыла иалеигалеит Урыстәылатәи арратә мчрақәа ргәыԥ. Уажәы урҭ рнапынҵа ахьынарыгӡаз инадҳәаланы иӡбоуп реиҳараҩык Урыстәылаҟа рыргьыжьра. Иаанхо ракәзар, аҭыԥантәи аррамаҵзурауаа разыҟаҵаҩцәаси рабжьагаҩцәаси иаанхоит. Иара убри аан Урыстәыла мап ацәнакуам Шьамтәыла арратә техникала аиқәыршәарагьы. Аус шауц иаулоит авиабаза "Хмеймим", ар материал-техникатә еиқәыршәаратә пункт аанхоит Тартус. Урҭ рыдагьы Шьамтәыла аус шауц иауеит аиныршәаразы урыстәылатәи Ацентр.

Ажәабжьқәа зегьы
0