Захарова: Иерусалим азҵаараҿы аилацәажәара хра аиуроуп

© Sputnik / Yevgeniya Novozhenina / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОфициальный представитель министерства иностранных дел России Мария Захарова во время брифинга в Москве
Официальный представитель министерства иностранных дел России Мария Захарова во время брифинга в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла амчрақәа аганқәа рахь ааԥхьара ҟарҵоит хара змам ауаа арыцҳара иҭамшәартә еиԥш рхы мҩаԥыргарц.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 14– Sputnik. Израили Палестинеи реиҿцәажәаара иалнаршоит атәылақәа рыҩба рыбжьара аимак арцәара лҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Мариа Захарова ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

США Ахада Дональд Трамп уаанӡа аҳәамҭа ҟаиҵеит Иерусалим Израиль иаҳҭнықалақьуп ҳәа, инапгьы аҵеиҩит уахь Тель-Авивынтәи США Ацҳаражәҳәарҭа аиагаразы адокумент.

Участники акции протеста в Палестине против решения о признании Иерусалима столицей Израиля - Sputnik Аҧсны
ХАМАС ахԥатәи интифада хнартит

Ари агәынамӡара рызцәырнагеит адунеи аҳәынҭқаррақәа жәпакы. Амҽышаҽны израильтәи аррамаҵзурауаа БТР ала Израиль иаԥну палестинатәи Вифлеем аҿы аҿагыларатә акциа мҩаԥызгоз еимдырпит.

"Москва агәҭынчымра рызцәырнагеит арегион аҟны аҭыԥ змоу аҭагылазаашьа уадаҩ. Агәрагара ҳамоуп аибарххара аԥнарҟәҟәаап ҳәа палестина-израильтәи аиҿцәажәарақәа", — лҳәеит Захарова абрифинг аҿы.

Лара лажәақәа рыла Урыстәыла амчрақәа аганқәа рахь ааԥхьара ҟарҵоит хара змам ауаа арыцҳара иҭамшәартә еиԥш рхы мҩаԥыргарц.

Израиль Иерусалим "зеиҟәшара алымшо ҳаҳҭнықалақь" ҳәа иршьоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0