Латвиа аветеранцәа рзы ирыдыркылаз азакәан ахцәажәарақәа цәырнагеит

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание МИД РФ
Здание МИД РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Латвиа апрезидент Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра алахәылацәа, анацист Германиа иаҿагылан еибашьуази СССР иаҿагылан еибашьуази рыстатус аиҟаратәразы азакәан рылеиҳәеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 – Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ООН, ОБСЕ, Европатәи Ахеилак рахь ааԥхьара ҟанаҵеит Латвиа ирыдыркылаз "Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра алахәыла истатус" азы азакәан ахәшьара арҭарц. Азакәан инақәыршәаны Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра иалахәылацәаны иԥхьаӡоуп Латвиа атәылауаа, 1940 шықәса рашәарамза 17 рзы абра инхоз мамзаргьы абри арыцхә аҟынӡа абрахь нхара ҳәа иаахьаз.

Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра иалахәылацәаны иԥхьаӡахом Германиа асоциал-демократиатә партиа аусзуҩцәеи, абри арежим аполициа ҷыдеи, ашәарҭадаратә маҵзура аусҳәарҭақәа русзуҩцәеи. Абри астатус ахь иаҵакхом СССР КГБ аусзуҩцәеи ауаатәыҩса ирҿагыланы ацәгьоуразы зус рыӡбхьоуи аҭакра зхызгахьоуи.

Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҟны иазгәаҭоуп "абри азакәан ала рҽазыршәеит Гитлер икоолициа иаҿагыланы зшьа казҭәози миллионҩыла ауаа зшьуаз анацистцәеи" ҳәа.

"Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ООН, ОБСЕ, Европатәи Ахеилак рахь ааԥхьара ҟанаҵеит Латвиа ирыдыркылаз "Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра алахәыла истатус" азы азакәан ахәшьара арҭарц", — лҳәеит аминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.

Лара лажәақәа рыла аҭоурых аиҭакра аофициалтә Рига иаус хаданы ишыҟоу маӡаӡам.

"Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра иалахәылацәоуп ҳәа ирыԥхьаӡеит 150 000-ҩык асовет еибашьцәа, аҭынчра зхы ақәызҵаз инарываргыланы афашист Германиа аганахь ала еибашьуазгьы", — лҳәеит лара.

Ажәабжьқәа зегьы
0