Трамп: сгәы иаанагоит Ким Чен Ыни сареи ҳаимабзиоуп

© AP Photo Evan VucciДональд Трамп
Дональд Трамп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дональд Трамп ибзиоуп ҳәа ахиҳәааит Аҩадатәи Кореиа аспортсменцәа Пхенчхан имҩаԥысуа аолимпиада иахьалахәхо.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 — Sputnik. АЕШ (США) апрезидент Дональд Трамп иҳәеит КНДР ахада Ким Чен Ыни иареи реизыҟазаашьақәа бзиоуп ҳәа ишиԥхьаӡо. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Сгәы иаанагоит Ким Чен Ыни сареи ҳаимабзиоуп ҳәа", — иҳәеит Трамп Wall Street Journal аинтервиу аҭо.

Иара убри аан Трамп мап ацәикит азҵаара "Аҩада Кореиа ахадеи шәареи аинырра шәымазма", — ҳәа азҵаара.

Аҩны Шкәакәа ахада иара убасгьы ибзиоуп ҳәа ахиҳәааит Аҩадатәи Кореиа Аолимпиатә хәмаррақәа иахьрылахәхо.

Уаанӡа Трамп иазгәеиҭахьан Ким Чен Ын иҿцәажәара дшазыхио, аха иара убри аан иҷыдоу аҭагылазаашьақәа ыҟазар акәны ишиԥхьаӡо.

"КНДР-и ҳареи ҳаиҿцәажәара хра аманы иҟалар адунеи ауаажәлар зегьы рзы аманшәалареи аҭынчреи ацзаауан", — иҳәеит Дональд Трамп.

Ажәабжьқәа зегьы
0