Иҭархаз акурсант Гьергьедаа иан аусӡбара ацашьа дазыразым

© Sputnik Томас ТхайцукИҭархаз акурсант Гьергьедаа иан аусӡбашьа дазыразым
Иҭархаз акурсант Гьергьедаа иан аусӡбашьа дазыразым - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҭархаз Аҟәатәи амилициа ашкол акурсант Мераб Гьергьедаа иан Лиудмила Синицына аусӡбара ԥырхага амоукәа имҩаԥысырц азы аҳәара ҟалҵеит. Аусӡбараҿы Ашот Асланиан ацәгьоура шаҳаҭс иамаз ҳәа далахәуп.

АҞӘА, жәб 16 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Лиудмила Синицына дазыразым аусӡбара ацашьа, иагьылҳәеит лыҷкәын, Аҟәатәи амилициа ашкол акурсант Мераб Гьергьедаа иҭархара иалахәыз Ашот Асланиан дҭаркырц. Абри атәы ажурналистцәа иралҳәеит Мераб Гьергьедаа иҭынхацәа имҩаԥыргаз амитинг аҟны.

"Сара сазыразым Асланиан ацәгьоура шаҳаҭс иамаз ҳәа аусӡбара дахьалахәу азы. Ааԥхьара ҟасҵоит аусӡбара ԥырхага аимоурц", — лҳәеит Лиудмила Синицына.

Мераб Гьергьедаа ишьра ҟалеит цәыббра 19, 2014 шықәсазы. Арра иахысуаз Тигран Торосиани амилициа ашкол иҭаз Гарри Калаиджиани анаркотикатә маҭәашьар амарихуана аахәара ҿыҵгас иҟаҵаны Мераб Гьергьедаа Ҵабал абнарахь дганы хынтә ихы иеихсны, анаҩс аҳәызба илаҵаны дыршьит.

Апрокуратура хада ацәгьоуцәа рганахь ала аусҭҵаара хацдыркит ҩ-статиак рыла: "заа еибыҳәаны гәыԥҩык злахәу ашьра" иара убас  "изакәанымкәа абџьар аахәареи, ашьтаҵареи, аныҟәгареи".

Синицына лажәақәа рыла, аусҭҵаара амҩаԥгараан иаарԥшын ашьра ахьыҟалаз аҭыԥ ашҟа Торосиани Калаиджани автомашьынала инеигеит Ашот Асланиан. Аха Асланиан ахара идҵара рылымшеит, избанзар уи иажәақәа рыла, издыруамызт ацәгьоуратә гәҭакқәа ирымаз.

Мераб Гьергьедаа иҭархаразы ахара зыдҵоу рганахь ала аусӡбара иалагеит жәабран мза 2015 шықәсазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0