Артур Амқәаб Аҧсны аҧыза-министр ҿыцс дҟаҵоуп

© Sputnik Анжелика БенияПремьер-министр Абхазии Артур Миквабия
Премьер-министр Абхазии Артур Миквабия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымба аҧыза-министр ҿыц ихьӡ иҳәеит.

АҞӘА, хәжәк — Sputnik. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аминистрцәа Реилазаара дрыдигалеит аҧыза-министр ҿыц Артур Амқәаб.

"Ҳара ҳаҧсҭазаара аиҭакрақәа алаҳгалар ауп, анаҩсгьы ас нхашьа ҳамам. Дарбанызаалак идыруазар ауп аҭакҧхықәра шиду, зегь русура алҵшәақәа хылаҧшра аҳҭалоит. Сара агәра згоит анапхгара ҿыц аҳәынҭқарраҿы аиҭакрақәа рымҩа ианылоит ҳәа", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Аҧыза-министр ҿыцс иҟаҵоу Артур Амқәаб Рауль Ҳаџьымба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит игәрагара ахьааирҧшыз, иагьиҳәеит иҿаҧхьа иқәгылоу аусқәа акыр ишыуадаҩу, урҭ рынагӡарагьы аҭакҧхықәра шацу.

"Ҳҿаҧхьа иқәгылоу аусқәа акыр ихьнҭоуп, аха урҭ рынагӡара ҳалшоит, ҳҳәынҭқарра аҿиарамҩа ианылоит", — азгәеиҭеит Амқәаб.

Амқәаб Артур (Заур) Атиом-иҧа диит 1949 шықәса лаҵарамза 2 рзы Аҟәа ақалақь аҟны. 1978 шықәсазы далгеит Асоет Еидгылазегьтәи афатә аагалыхратә институт. 1986 шықәсазы далгеит Иреиҳау апартиатә школ. 1991-1992 шықәсқәа рзы абизнес инапы алакын, напхгара азиуан ахолдигтә компаниа, уахь иаҵанакуан абанк, ахәаахәҭратә ҩны, аинвестициатә усбарҭа.

2009 шықәсазы Аҧсны Жәлар Реизара адепутатс далхын. Артур Амқәаб дҭаацәароуп, ҩыџьа ахәыҷқәа драбуп.

Уаанӡа Аҧсны аҧыза-министрс иҟаз Беслан Быҭәба Рауль Ҳаџьымба иқәҵарала ихы дақәиҭтәын хәажәкыра 16 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0