"Континент" аусзуҩцәа: ҳазлагаз аус аҵыхәанӡа инаҳгоит

© Sputnik Томас ТхайцукТК "Континент"
ТК Континент - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәаахәҭратә комплекс "Континент" аусзуҩцәа амлашьра иаҿуижьҭеи хаха-хымш ҵуеит.

ГАГРА, хәжәк 28  – Sputnik, Саид Барганџьиа. Апротесттә акциа иалахәу ахәаахәҭратә комплекс "Континент" аусзуҩцәа амлакра иацырҵоит, Гагра араион ахада азҵаара ӡбахоит ҳәа ажәа шриҭазгьы. Абри атәы Sputnik акорреспондент иарҳәеит апротест алахәцәа.

"Ҳара еснагь ажәа ҳарҭоит зегь бзиахоит ҳәа, убри аҟнытә иҳаӡбеит убыржәраан ҳус аҵыхәтәанынӡа инаҳагӡарц. Ахәаахәҭратә комплекс аартхоит ҳәа иахьану аофициалтә шәҟәы ҳдырбааит, нас ҳаимпуеит", — рҳәеит амлашьра иаҿц аусзуҩцәа.

Амлакра акциа иалахәу "Континент" аусзуҩцәа ргәы ҽеимкәа ирбо иалагеит

Апротесттә акциа иалахәуп Светлана Жьиба, Алина Сафонова, Земфира Чрыгба, Светлана Иашьенко. Урҭ ишрыдгылоу аадырԥшырц аҭыԥахь инеиуеит егьырҭ "Континет" аусзуҩцәагьы.

Амлашьра иаҿу аҳәсақәа ирҳәеит акциа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ шаанрыжьуа ахәаахәҭратә комплекс аусура ианалагалак аҽныҵәҟьа.

Иахьа ашьыжь амлашьра иаҿу ргәабзиара зеиԥшроу агәаҭаразы ирзааит ацхыраара ласы амашьына. аҳақьымцәа зегьы ршьақәыӷәгәарақәа ршәан, илаҟәуп ҳәа иадырбеит.

Ахәаахәҭратә комплекс "Континент" 2014 шықәса рашәарамза инаркны иаркуп, уи аицхантәаҩцәа рыбжьара иҟалаз аимак иахҟьаны.

"Континент" — Аԥсны иреиҳаӡоу ахәаахәҭратә комплексқәа ируакуп, уаанӡатәи ауниверсам "Гагра" ахыбраҿы аиҭашьақәыргыларатә усқәа анхыркәшаха ашьҭахь иаатит. Уаҟа аус руан 130-ҩык ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0