Рауль Ҳаџьымба Москваҟа усурала иаҭаара хыркәшоуп

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСамолеты на перроне аэропорта. Архивное фото.
Самолеты на перроне аэропорта. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба усуратә визитла Москва ақалақь даҭаан дыҟан мшаԥы 14 инаркны 17-нӡа.

АҞӘА, мшԥ 17 — Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Москваҟа усурала иаҭаара хыркәшахеит ахәаша, мшаԥымза 17 рзы, ҳәа аалыцҳауеит ахада импресс-маӡаныҟәгаҩ Хьыбла Возба.

Аҭаара иалагӡаны Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Мрагылараҭҵааратә институт аҟны Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба изкны алекциа даԥхьеит, аинформациатә агентра "Интерфакс" ахыбраҟны иреиҳаӡоу урыстәылатәи аинформациатә маҵзурақәа рредакторцәа дырԥылеит, иара убас Москва иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа драцәажәеит.

Иахьа ашьыжь аҳәынҭқарра ахада ҳаирпланла Аҟәаҟа амҩа дықәлеит, ашьыбжьышьҭахь имҩаԥысраны иҟоу аиҳабырабжьаратә комиссиа далахәхаразы.

Аԥсны ахада усуратә визитла Москва дыҟан мшаԥымза 14 инаркны 17-нӡа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0