Афонҿыцтәи ашкол аҿы идыргылоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы иҭахаз аибашьцәа рбаҟа

Анапаҵаҩра
Ҩымчыбжь инарзынаԥшуа афонҿыцтәи абжьаратә школ ашҭаҿы аиҭашьақәыргылара иаҿуп Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы иҭахаз ашкол аушьҭымҭацәа рбаҟа.

Афонҿыцтәи абжьаратә школ аргылараан Аладатәи аргыларатә компаниа аусзуҩцәа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы иҭахаз 36-ҩык ашкол аушьҭымҭацәа рбаҟагьы аиҭашьақәыргылара иалагеит. Акомпаниа аусзуҩцәа дара рхатә ԥарала абаҟа ҿыц аргылара иаҿуп.

Афон Ҿыц ақалақь ахада Фелиқс Дауҭиа иажәақәа рыла, ажәытә баҟа рбган ақалақьтә еизара адепутатцәеи, афонҿыцтәи ашкол аиҳабыреи рақәшаҳаҭхарала.

Аладатәи аргыларатә компаниа ахаҭарнак излаиҳәо ала, абаҟа ҿыц аус адулара хыркәшахоит мчыбжьык ашьҭахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0