Аибашьра ду аветеран Паҷ Ҷанба ифырхаҵаратә ҭоурых ихшара ирзаанхеит

© Sputnik Сырма АшәԥҳаАибашьра ду аветеран Паҷ Ҷанба ибаҟа
Аибашьра ду аветеран Паҷ Ҷанба ибаҟа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Паҷ Ҷанба ифырхаҵарақәа рзы ианаршьеит Аҳәынҭқарратә орденқәеи, амедальқәеи. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аеҵәа ҟаԥшьқәа ҩба.

АҞӘА, лаҵ 7 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Ирратә уалԥшьа анагӡара дшаҿыз ауп Аџьынџьтәылатә еибашьра ду шихьӡаз Тамшь ақыҭаҿы инхоз, сабду Паҷ Ҷанба. Аибашьра аԥхьатәи амшқәа инадыркны деибашьуан актәи Украинатәи афронт, а-25-тәи атанк абатальон а-30-тәи ахысратә бригада аҟны авзвод акомандаҟаҵаҩыс. Нхыҵ-Кавказ инаркны днаӡеит Берлинынӡа. Иара убраҟоуп Аиааира дахьаԥылаз. Аибашьра адәаҿы ԥшьынтә дырхәхьан.

Аибашьра раԥхьатәи аамҭазы Польша ажәыларақәа руак аан, Паҷ Ҷанба диқәшәоит игәыла Николаи Кобахьиа. Ҳәарада, ҩыџьа аԥсуаа аибашьра адәаҿы реиқәшәара иацыз агәырӷьара ҳәаак амамызт. Ианеиԥырҵуаз Паҷ игәыла ус иеиҳәеит:

"Мышкызны ҳаибганы ҳаԥсадгьыл ахь ҳхынҳәыр, аҭаацәара аԥаҳҵар, ҳхылҵ ҟалар, ажәа усҭоит сԥа ичараҿы уара тамадас ушыҟасҵо ҳәа".

Аибашьра еилгеит. Аҩыџьагьы рыԥсадгьыл ахь ихынҳәуеит, аҭаацәарақәа аԥырҵоит. Инаигӡоит Паҷ иҳәахьа. Иԥа ичараҿы Николаи Кобахьиа тамадас дҟаиҵоит. Ҩыџьа ахшара раб, хәҩык амоҭацәеи, урҭ ирхылҵызи, иахьа рабду изыгәдууп. Ирзынижьыз ифырхаҵареи, ихымҩаԥгареи, ирзеиҭеиҳәахьаз аибашьратә хҭысқәеи лассы-лассы иргәаладыршәоит. Уи ус шакәу ҳзеиҭалҳәеит Паҷ имоҭа Мадина Ҷанԥҳа.

"Сара схәыҷын, аха исгәалашәоит сабду еиҭеиҳәалоз ажәабжьқәа. Аиааира амш анааигәахоз, сабду игәырӷьара ҳәаак амамызт. Аха, иҟазар акәхарын илахь еиқәызҵозгьы, ихы-иҿы аччаԥшь анацәыӡуаз ыҟан. Аиааира амшныҳәа ахьазгәарҭоз имоҭацәа ҳиманы дцон. Уи ирҭоз аҳамҭақәа даара дреиҷаҳауан, еснагь ицәырганы дрыхәаԥшлон. Исгәалашәоит, аҩны акы данаҿызгьы, аибашьра иалиааз ашәақәа иҳәон. Схаҿы иаанхеит Катиуша илыхҳәааз ашәа. Уи ашәа анаацәыригалак, ҳаргьы рацәак ишаҳзымҳәозгьы, ицҳарӷызуашәа ҟаҳҵон. Уи иара игәы даара иахәон".

Уажәшьҭа ҩажәа шықәса инареиҳауп Паҷ Ҷанба Аиааира аныҳәа даԥымлоижьҭеи, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аԥхьа, машәырла иԥсҭазаара далҵуеит Тамшь ақыҭан…

© Sputnik Сырма АшәԥҳаАибашьра ду аветеран Паҷ Ҷанба иҳамҭақәа
Аибашьра ду аветеран Паҷ Ҷанба иҳамҭақәа - Sputnik Аҧсны
Аибашьра ду аветеран Паҷ Ҷанба иҳамҭақәа

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Паҷ Ҷанба ифырхаҵарақәа рзы ианашьоуп Аҳәынҭқарратә орденқәеи, амедальқәеи. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аеҵәа ҟаԥшьқәа ҩба. Аха рыцҳарас иҟалаз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан урҭ алахьынҵа цәгьа роуит. Ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа, Тамшь аветеран инхара зегь рблит. Уимоу, иҳаҭгәынгьы рымшаҭеит. Ибаҟа, аԥсуа жәла ахьаныз мацара иахырҟьаны, ифотосахьа ахҭыԥ иадыргеит.

Абаҟа иахьагьы ус еиқәырханы игылоуп. Тамшь иблыз аҩны иалыргаз иара имедальқәеи, иорденқәеи заҵәык роуп. Аибашьра иалахәыз Паҷ иԥа Валери, иаб иорденқәа адгьыл иҵаҵаны иҵәахит. Аибашьра ашьҭахь, зхаҿра еицакқәаз адгьыл иҵырхыз иахьа Паҷ ихшара урҭ акыр иахӡыӡааны, еиҷаҳаны ирымоуп. Урҭ ирымоуп аҭоурых иузанымхуа аҿахәы. Ҩ-еибашьрак ирхаану арҭ Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рымаӡа рацәазар ҟалап, уи наунагӡа аҭоурых иахаанхап.

Ажәабжьқәа зегьы
0