Рушьбеи Смыр ипоема "Симра" иалху аспектакль ашколхәыҷқәа идырбан

© Sputnik Илона ХварцкияРушьбеи Смыр ипоема "Симра" Аԥсны ашколхәыҷқәа идырбан
Рушьбеи Смыр ипоема Симра Аԥсны ашколхәыҷқәа идырбан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵара 21 рзы Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәоит.

АҞӘА, лаҵ 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш аҽны Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр ипоема "Симра" иалху аспектакль Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы  ашколхәыҷқәа идырбан.

"Ари аҭоурыхтә поема иҳанаҳәоит Кавказ ажәларқәа ирхыргаз атәы. Ахҵәара иахҟьаны жәларык рықәыӡӡаара аҭоурых. Еиҵагыло аҿар ҳҭоурых рдыруазар ауп. Ари хашҭшьа змам акоуп", — иҳәеит  Акультуреи, аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра аспециалист хада Адамыр Гәынба.

Рушьбеи Смыр иҭоурыхтә поема "Симра" аҟны XIX-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы Кавказ иҟаз аубыхцәа рхырҵәара хлымӡаах аҭоурых аныԥшуеит. Уи зыхьӡынҩылоу аубых ҭыԥҳа Симра дыҟаҵәҟьоуп. Апоема асиужет хыҭхәыцааӡам, апоет Рушьбеи Смыр Аԥсны жәлар аибашьраҿы аиааира анырга, Ҭырқәтәыла аԥсуа диаспора гәырӷьаҿҳәаша иманы данрызца лара уаҟа ҭырџьманра изылуан, 22 шықәса лхыҵуан. Симра апоет диазҵааит "ҳҭоурых зеиԥшроузеи, сыжәлар абас изырлахьынҵахазеи?" ҳәа. Уи лызҵаарақәа рҭак аҟаҵара иахҳәаахеит игәыҭшьаагоу апоемагьы. Апоема 207 куплет рыла ишьақәгылоуп.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Аҟәа

Рушьбеи Смыри Симреи реиқәшәараан лара азҵаарақәа рацәаны илызцәырҵуан иахыӡааз лыуаажәлар ирызкны. Симра лызҵаарақәа аубых жәлар рлахьынҵа цәгьа иадҳәалан. Апоет акыр шықәса игәы иҵхоз жәларык руахҭа иазкны апоема аԥиҵоит мызкы ахала-аҵыхәала.

Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы аспектакль "Симра" ашколхәыҷқәа дырбара мҩаԥыргеит Аҟәа ақалақь ахадара, Аҿартә политиказы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы,  Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак, Акультуреи, аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи аминистрра.

XIX ашәышықәсазы, еиуеиԥшым аҭоурыхтә мзызқәа ирыхҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа имцар ада ԥсыхәа рымамызт. Аԥсуаа амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа 50 тәыла рыҟны инхоит. Хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла иқәынхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0