Гаделиа 30 шықәса ихыҵреи иҟазаратә мҩа 10 шықәса ахыҵреи азгәеиҭеит

© Sputnik Томас ТхайцукЛука Гаделиа
Лука Гаделиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа аԥсуа уарӷанарҳәаҩы Лука Гаделиа иубилеи азгәеиҭоит иҭаацәеи иҩызцәеи рыбжьара.

АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Еицырдыруа аԥсуа ауарӷанарҳәаҩы Лука Гаделиа ииубилеиқәа ҩба, 30 шықәса ихыҵреи иҟазаратә мҩа 10 шықәса ахыҵреи азгәеиҭоит иҭаацәеи иҩызцәеи рыбжьара.

"Аиашазы, сара рацәак бзиа избаӡом аиубилеиқәеи амширақәеи разгәаҭара. Ари амш исзааигәоу ауаа – сҭаацәеи сҩызцәеи рыгәҭаны исхызгоит, инарҭбаау ныҳәак аԥшьызгап ҳәагьы сгәы иҭам", — ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Лука Гаделиа.

Ауарӷанарҳәаҩ игәы архьаауеит абри амш аҽны асценаҟны, аорӷан абзиабаҩцәа рҿаԥхьа ақәгылара ахьилмшо.

"Ари амш асценаҟны исхызгартә еиԥш иҟам, избанзар Пицундатәи ауахәамаҟны имҩаԥысраны иҟоу ауснагӡатәқәа зегьы заа иазыԥхьагәаҭоуп. Араҟа есыҽны аконцертқәа мҩаԥысуеит", — азгәеиҭеит Гаделиа.

Лука Гаделиеи, Кристина Ешԥҳаи рықәгылара. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Гаделиеи Ешԥҳаи Ессентукии Кисловодски иқәгылоит

Лука Гаделиа диит 1985 шықәса рзы. Пицундатәи амузыкатә школи Алексеи Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә школи данрылга ашьҭахь иҵара иациҵоит Гнессинаа рыхьӡ зху Урыстәылатәи амузыкатә академиаҟны, аорӷан акласс ала. Гаделиа доушьҭымҭоуп Петр Илиа-иԥа Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа.

Лука Гаделиа Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониеи Пицундатәи ауахәама аҳәынҭқарратә концерттә зали рҟны аорӷан аирҳәоит. Урыстәылеи егьырҭ атәымҳәынҭқаррақәеи рҟны аконцертқәа рыла дықәгылоит. 2010 шықәса инаркны Аԥсны Акультура аминистрреи Урыстәыла Акультура аминистрреи еицымҩаԥырго апроект "Урыстәыла – Аԥсны" акультуратә сезон далахәылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0