Нанҳәа 24 инаркны ҭагалан ааигәахара уныруа иалагоит

© Sputnik Томас ТхайцукПрогноз
Прогноз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асиноптикцәа разԥхьагәаҭарақәа рыла, амчыбжь аҩныҵҟа аҳауа ҭышәынтәаламкәа иаанхоит.

АҞӘА, нанҳәа 23 — Sputnik. Аԥсны аметеорологцәа ишаарыцҳауа ала, ҽынла аҳауа аԥхарра ҳаракхоит +25+30˚С рҟынӡа, уахынла илаҟәуеит +20+25˚С рҟынӡа.

Аҳауагәаҭаҩцәа разԥхьагәаҭарақәа рыла амчыбжь аҩныҵҟа аҳауа ҭышәынтәаламкәа иаанхоит, аԥыжәара аиуеит ихьшәашәоу ациклон, аамҭа-аамҭала ақәа ауеит, адыд-мацәыс ҟалоит. Амчыбжь аҩбатәи азбжазы иԥхаррахоит. Амчыбжь анҵәамҭазы иалшоит амшцәгьа ҟалар.

Атмосфератә қәыӷәӷәара аҽаҳаранакуеит, аԥша аласра 5-8 метра инаӡоит, зны-зынла 11 метра иҟалоит.

Амшынӡы аҟәандара +28˚С ҟалоит, ацәқәырԥа ҭынчуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0