Аладатәи арратә округ аԥшыхәратә ҟәшақәа рҽазыҟаҵарақәа хдыркәшеит

© Sputnik / Ростислав Нетисов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРазведчики. Архивное фото
Разведчики. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аруаа аҽазыҟаҵарақәа раан БТР-80, аснаипертә винтовкақәа, егьырҭ абџьар хыкқәа рҟынтәи ахысрақәа мҩаԥыргон. Аҽазыҟаҵарақәа хыркәшахеит хымштәи аицлабрақәа рыла.

АҞӘА, нанҳәа 31 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ урыстәылатәи арратә база аԥшыхәратә ҟәшақәа аполигон "Ҵабал" аҟны ихдыркәшеит рҽазыҟаҵарақәа ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Урыстәылеи Беларуссиеи рыруаа аҽазыҟаҵарақәа рҟны ахысрақәа мҩаԥыргон.

"Ашьха-бнатә ҭыԥ аҟны аррамаҵзурауаа аԥшыхәратә дозорқәа ирылахәны, ихыҭҳәаау аӷа икоммуникациақәа рыԥхасҭатәрази, ҳаамҭазтәи ацифратә еимадара "Грот-М" ахархәареи, аԥшыхәреи аимадареи ркомплексқәа (КРУС) "Стрелец" анавигациеи рганахьала аусдҵақәа мҩаԥыргон", — ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҟны.

Апресс-маҵзура аинформациала аҽазыҟаҵарақәа раан аԥшыхәцәа иара убасгьы инарыгӡон анормативтә дҵақәа абронетранспортиор БТР-80, аснаипертә винтовкақәа "Винторез", аршьаҟатә пулемиотқәа "Печенег", агранатаршәгақәеи егьырҭ абџьар хыкқәа рҟынтәи ахысразы.

Иазгәаҭоуп аҽазыҟаҵарақәа хымштәи, иреиӷьу аԥшыхәҩы иалкааразы аицлабрақәа рыла ихыркәшахеит ҳәа. Аррамаҵзурауаа арҭ аицлабрақәа рҟны иаадырԥшит ихыҭҳәаау аӷа итыл аҟны адиверсиақәа рымҩаԥгареи, аҭыԥ арелиеф рхы иархәаны ҽыҵәахрыла аԥхьареи рзы алшамҭа дуқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0