Аныҳәамшқәа рзы Риҵа иаҭааз асасцәа рхыԥхьаӡара ҵыԥх аасҭа еиҵан

© Sputnik / Лана АвидзбаРиҵа
Риҵа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2016 шықәса раԥхьатәи ажәамш рзы Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк миллионки 138 нызқь мааҭ ахашәала аиуит, Афонтәи аҳаԥы – 3 миллионки 402 нызқьи 700 мааҭ.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҭыԥ змаз амшцәгьақәа инарыдҳәаланы Риҵатәи амилаҭтә парк аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара 33 процент рыла еиҵахеит ииасыз ашықәс азы аасҭа, Афонтәи аҳаԥы иаҭааз рхыԥхьаӡара 22 процент еиҵан ҳәа ҳкорреспондент иеиҳәеит акурортқәеи атуризми рзы Аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба.

"Жәамш рыла Афонтәи аҳаԥы иаҭааит 6 983-ҩык атуристцәа (ҵыԥх – 8 799-ҩык), Риҵатәи апарк иаҭааит 3 652-ҩык атуристцәа (ҵыԥх – 5 450-ҩык)", — иҳәеит Ахба.

Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк адиректор Рита Лолуаԥҳа лажәақәа рыла аныҳәамшқәа раан атрасса ахәҭак аркын.

"Аныҟәара аанкылан. Амҩа еиҳарак изаркхаз илеиз асы адагьы ахаҳәқәа рҿыбгара иахырҟьаны ауп", — лҳәеит Лолуаԥҳа.

2016 шықәса раԥхьатәи ажәамш рзы Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк миллионки 138 нызқь мааҭ ахашәала аиуит, Афонтәи аҳаԥы – 3 миллионки 402 нызқьи 700 мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0