Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат алоготипқәа ԥшьба алхуп

© Sputnik Роберт ДжопуаАшьапылампыл азы адунеи ачемпионат ConIFA алоготипқәа ралхра.
Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат ConIFA алоготипқәа ралхра. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәеи акультура аусзуҩцәеи ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат ConIFA алоготипқәа ԥшьба алырхит, урҭ ԥхьаҟа асоциалтә ҳақәа рҟны абыжьқәа рзырҭирц азы.

АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәеи акультура аусзуҩцәеи FIFA иалам амилаҭтә командақәа Аҟәа имҩаԥыргараны иҟоу ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат ConIFA алоготипқәа ԥшьба алырхит, урҭ ԥхьаҟа асоциалтә ҳақәа рҟны абыжьқәа рзырҭирц азы.

Алхратә комиссиа алахәыла, Акультура аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кәабахьиа иазгәеиҭеит алхрқәа раан аҵак ду зырҭоны иҟаз аԥсуа колорит аҟазаара шакәу.

"Ҳара ҳзы акраҵанакуеит алоготип Аԥсны аныԥшра. Агәаанагара ыҟоуп иалаҳхыз алоготипқәа рҟынтәи еилаҵаны акы алаҳхырц", — иҳәеит иара.

Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа апрезидент Руслан Аџьынџьал иазгәеиҭеит ачемпионат аталисман шырзалымхыз.

"Аталисман ҳзалымхит. Иҳадгалаз аӡәгьы игәамԥхеит. Иҳаӡбеит аҟазацәа ҳрыҳәарц, урҭ напы адыркырц абри аус анагӡара".

Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа апресс-атташе Асҭанда Ахԥҳа илҳәеит аиндаҭларахь ишнагаз шәкы рҟынӡа усумҭа.

Алхратә комисиа иалахәын Аԥсны асахьаҭыхыҩцәеи акультура аҟазацәеи.

2015 шықәса абҵарамзазы иӡбан FIFA иалам амилаҭтә командақәа ConIFA ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат Аԥсны имҩаԥыргарц.

Ачемпионат ахь иаараны иҟоуп жәаҩа команда.

Ажәабжьқәа зегьы
0