Аҟәа иаатит агандбол ашкол

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа иаатит агандбол ашкол, абри атәы ҳзеиҭеиҳәеит Аԥсны агандбол азы Афедерациа аиҳабы Нугзар Агрба.

АҞӘА, жәабран 24 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Агандбол азы аҽазыҟаҵарақәа амҩаԥысра иалагахьеит. Изҭахны иҟоу адҵаалар алшоит Аҟәатәи ахәыҷы-қәыԥштә спорттә школ ахь, иҳәеит Аԥсны агандбол азы Афедерациа аиҳабы Нугзар Агрба.

"Ҳара ааигәа ихацҳаркит ари аусура, избанзар Аԥсныҟа дхынҳәит атренер, Гарик Туриа. Уи уаанӡа Аԥсны еизго акоманда далахәын, аҵыхәтәантәи аамҭазы Бырзентәыла еизгоу акомандаз дыхәмаруан", — иҳәеит Агрба.

Иара иажәақәа рыла 2010 шықәса рзы иаԥҵан Аԥсны агандбол Афедерациа, аха атренерцәа рыҟамзаара иахҟьаны аус зеиҭаҵуамызт.

"Сара схәыҷаахыс агандбол бзиа избоит. Иара даара иҷыдоу хәмаррахкуп. Аӷәӷәақәа ирыхәмарроуп. Адинамикара алоуп", — иҳәеит Аԥсны агандбол азы Афедерациа аиҳабы Нугзар Агрба.

Иара иаҳзеиҭеиҳәеит асовет аамҭақәа рзы Аԥсны агандбол ашкол даара ишыӷәӷәаз.

"Атренерцәа бзиақәа ҳаман. Гәдоуҭатәи, Тҟәарчалтәи ашколқәа рыхьӡ ахара инаҩхьан. Аибашьра ашьҭахь иқәҵны ицаз рацәаҩуп, аспорт аха змамызгьы убас. Иахьанӡа ари аспортхкы шьҭаханы иҟан", — иҳәоит иара.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны агандбол ашьҭыхразы иахәҭаны ишыҟоу аҳәынҭқарра ацхыраара.

"Ауадаҩрақәа рацәаны иҳамоуп. Ауаа ирыздырам агандбол захьӡу, аха агәыӷра сымоуп зегь бзиахап ҳәа. Ахәмарырҭадәқәа, аинвентар ҳҭахуп, ауаа аулафахәы рыҭалатәуп", —иҳәоит Агрба.

Еиҵагыло абиԥарақәа аспорт абзиабара рылааӡатәуп, ҳәа азгәеиҭоит Аԥсны агандбол азы Афедерациа аиҳабы Нугзар Агрба.

Ажәабжьқәа зегьы
0