Аҿартә експедициа Арктикаҟа идәықәлеит

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәылатәи астанциа "Барнео" Арктика.
Урыстәылатәи астанциа Барнео  Арктика. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥышәа змоу аныҟәаҩ Матвеи Шпаро хадас дызмо аҿар рекспедициа алахәылацәа урыстәылатәи астанциа "Барнео" ахь иԥрит. Уантәи рхы дырхоит Аҩадатәи аполиус ахь.

АҞӘА, мшаԥымза 20 — Sputnik. Аԥышәа змоу аныҟәаҩ Матвеи Шпаро хадас дызмо аҿар рекспедициа алахәылацәа урыстәылатәи астанциа "Барнео" ахь иԥрит. Уантәи рхы дырхоит Аҩадатәи аполиус ахь. Абри атәы рҳәеит Анаукеи аҵареи рминистрра апресс-маҵзураҟны.

"Мшаԥымза зежә рзы урыстәылатәи аҿартә експедициа "На лыжах – к Северному полюсу!" амҩа иқәлеит. Аекспедициа напхгаҩыс дыҟоуп аԥышәа змоу аныҟәаҩ Матвеи Шпаро. Аԥхьа урҭ урыстәылатәи астанциа "Барнео" ахь иԥрит. Уантәи рхы дырхоит Аҩадатәи аполиус ахь.

2015 шықәсазтәи аекспедициа напхгара аиҭон Дмитри Ливанов.

Сынтәатәи акоманда иалахәхеит акадетцәа қәыԥшцәа: хҩык аӡӷабцәеи ԥшьҩык аҷкәынцәеи, Москва, Санкт-Петербург, Киров, Кемерово, Вологда, Челиабинск, Хабаровск рҟынтәи.

Аусбарҭаҟны иазгәарҭеит аныҟәаҩцәа мчыбжьык амҩа ақәлара ишазыԥшыз аҳауатә ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0