ААТИ (СФТИ) аҟны аефир хәшақәа ылырхуа иалагоит

© РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ААТИ (СФТИ) аҵарауаа 2015 шықәса мшаԥымзазы аҵиаақәа аефир хәшақәа рылхра атехнологиа ҿыц рхәыцит

АҞӘА, мшаԥымза 25 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аҟәатәи Афизиака-техникатә институт аҵарауаа 2015 шықәса мшаԥымзазы аҵиаақәа аефир хәшақәа рылхра атехнологиа ҿыц рхәыцит. Абри атәы ҳзеиҭеиҳәеит аинститут аусзуҩ Алхас Марколиа.

"Ҳара иаҳгәиҭоуп аефир хәшақәа рҭыжьра арҭбаара. Уажәы аусурақәа ҳарҿуп. Аус адааулоит аметодика ҿыцгьы — аекстракциа ахылҩа-ԥсылҩатә метод. Ашьақәыргылагьы аус адулара ҳаҿуп. Аӡа еизаагоит, аԥхынтәи асезон аан ахархәараз. Аалыҵ Аԥсны аҩныҵҟа аҭира гәҭакны иҳамоуп", — иҳәоит Марколиа.

"Еиҳарак амедицинатә хархәаразы ихәарҭахоит ҳаалыҵ. Уажәы Урыстәылатәи анаплакқәаки ҳареи ҳаицәажәаны ҳаҟоуп. Урҭ ҳаалыҵ аинтерес роуит. Уажәы ҳахәшақәа рхаҭабзиара анализ амҩаԥгара ҳаҿуп", иҳәеит иара.

Марколиа иара убасгьы иҳаиҳәеит 2015 шықәса рзы ААТИ (СФТИ) аусуҩцәа Аекономика аминистррахь рбизнес-проект нарышьҭит ҳәа.

"Уажәы уи абизнес-проект ахәаԥшра иаҿуп. Иҭырҵаауеит. Иара ианыԥшуеит анаплакра ҭбаа амҩаԥгара, афабрикақәа рыргылара. Ҳәарада ари апроект идуу проектуп. Аԥаразоужьрагьы маҷымкәа иаҭахуп", — иҳәеит азанааҭуаҩ.

Марколиа иара убасгьы иаҳзеиҭеиҳәеит:

"Аӡа ҳәа ҳара ҳхы иаҳархәо Аԥсны аԥсабара иаҳнаҭо ауп – аевкалипт, адаԥа, агерань уҳәа егьырҭ аҵиаақәагьы. Аекологиатә маҵзура абри аганахьала рақәшаҳаҭра ҳамоуп", ациҵеит Марколиа.

ААТИ Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аныеилга ашьҭахь еиҿкаан. Имаӡаӡоу СССР аобиектқәа ирыҵаркуан. Араҟа аус руан асоветтәи германиатәи аҟазауаа. Аус адырулон атомтә бомба аԥҵара апроекти еиуеиԥшым аиадертә наукеи атехникеи рхырхарҭақәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0