Совмин аиҭашьақәыргылара апроект ауаажәларра ирызцәыргахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукСовмин.
Совмин. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иазыԥхьагәаҭоуп Совмин ахыбра аиҭашьақәыргылара апроект алхразы акомиссиа ҷыда аԥҵара.

АҞӘА, мшаԥымза 26 – Sputnik, Владимир Бегунов. Аҟәа Москва аҩни Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи рпроектқәа шьақәзыргылаз Апроекттә институт Совмин ахыбра аҭҵаара иалгоит лассы, иара аиҭашьақәыргыларазы иаҭахны иҟоу адокументқәа разырхиаразы. Абри атәы ҳаиҳәеит "Аԥсныргылара" адиректор Игор Казанба.

Игор Казанба иажәақәа рыла аиҭашьақәыргылараз апроектқәа рыхԥа рнаҩсан иҟоуп аԥшьбатәи авариантгьы. Уи аԥсуа архитекторцәа ирусумҭоуп.

"Аҭыԥантәиқәа иазырыԥхьаӡоит ахыбра аибашьра ҟалаанӡа ишыҟаз еиԥш еиҭашьақәыргылатәуп ҳәа", азгәеиҭеит Казанба.

Аԥсны Аекономика аминистрра ааԥхьарала, Урыстәылатәи аҟазауаа имҩаԥыргеит "Совмин" ахыбра аҭагылазаашьа агәаҭара.

Вариант 3
1/6
Вариант 3
Вариант 3
2/6
Вариант 3
Вариант 2
3/6
Вариант 2
Вариант 2
4/6
Вариант 2
у
5/6
у
Вариант 1
6/6
Вариант 1
1/6
Вариант 3
2/6
Вариант 3
3/6
Вариант 2
4/6
Вариант 2
5/6
у
6/6
Вариант 1

Апроекттә еиҿкаарақәа ҩба рнапхгаҩцәа имҩаԥыргеит ибылны игылоу "Совмин" ахыбра ахархәара ауоу иамуоу. Абри атәы ҳзеиҭеиҳәеит Аҳәынҭеилакы "Аԥсныргылара" адиректор хада Игор Казанба.

1981 шықәса рзы Ахақәиҭра ашҭаҟны иргылаз Аиҳабыра рыҩны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иблын. Аибашьра ашьҭахь иара аиҭашьақәыргылара алшартә иҟамлацызт.

Ажәабжьқәа зегьы
0