Аетногәыԥ альбом Аԥсны иазнархиеит

© Sputnik / Томас ТхайцукУрыстәылатәи аетногәыԥ Jatamansi аԥшаҳәаҿы.
Урыстәылатәи аетногәыԥ Jatamansi аԥшаҳәаҿы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аетногәыԥ Jatamansi алахәылацәа ральбом Аҟәа иҭарҩит. Агәыԥ афлеитист, Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны ихәмаруаз, ҳкорреспондент Владимир Бегунов изеиҭеиҳәеит рмузыка аԥсуа публика ишаднакыло, арахь раара хықәкыс иамоу уҳәа ртәы.

Амшын аԥшаҳәаҟны итәаны афлеита, абарабан, нас ижәытәтәиу музыкатә инструментк, хендпин захьӡу, аҟны ихәмаруа арԥарцәа аҟәатәи апублика рышьцылахьеит. Афлеитист, Васили Тропкин иажәақәа рыла дара арахь иааит ашықәс ҿыц ашьҭахь. Амузыкантцәа рыбжаҩык Урыстәылаҟа ихынҳәхьеит, иара Василии иԥҳәыси араҟа аҽа ԥыҭраамҭак рҽааныркылоит.

Ҳара Васили ҳиқәшәеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Араҟоуп иара бзиа иахьибо дтәаны амузыкарҳәара.

- Шәара шәабантәиааи?

— Ажәакала аҳәарагьы уадаҩуп. Ҳара еснагь џьара ҳаҟоуп, џьара ҳцоит. Сара шьҭрала Вологда сатәуп. Сыԥҳәыс – Краснодар. Ҳара иҳацын сашьа, Андреи Летови, иара иԥшәмаԥҳәыси аҽа арԥыски.

- Избан Аԥсны?

— Сара Гагра сыҟан хәбаҟа шықәса раԥхьа. Араҟа ауаа бзиоуп. Амилициа ракәзаргьы ҳаилыркаауеит. Ҳара аамҭак азы Шәача ҳаҟан. Амилициа ҭаха ҳарҭомызт. Уи адагьы аҳауа аҽакалаӡа иҟоуп. Вологда аӡын адәахьы утәаны амузыка узыхәмаруам. Афлеита уқьышә иадҵаалап…

- Инашәыгӡо иарбан музыкоу?

— Астиль етно-ембиент ахьӡуп. Амедитативтә импровизациа иазааигәоуп. Ԥсҭазаара аарԥшыгоуп. Адин атәы ҳәа акгьы ала маха мрагыларатәи афилософиа иазааигәоуп. Ҳара принцип хаданы иҳамоуп – иузааигәоу думыруадаҩын. Ҳара ҳвегетарианцәоуп, иога ҳазааигәоуп. Ҳгәыԥ ахьӡ – Джатаманасигьы Гималаи изызҳауа, аиурведа амҩаԥгаразы рхы иадырхәо ҵиаауп. Иҳәатәуп Аԥсны ишҭааҩыз альбом. Иара ҳгәыԥ асоциалтә ҳаҟнытәи асаит аҟны иубар алшоит.

- Шәара занааҭс ишәымозеи? Амузыка ада акыр шәнапы алакума?

— Сара занааҭла сырҵаҩуп, смузыкантуп. Аԥхьа аклассикатә флеитаҿ сыхәмаруан, уажәы – индиатәи афлеита, бансури аҿы. Сыԥшәмаԥҳәыс иреиҳау аҵараиурҭақәа ҩба дрылгахьеит. Ааԥын анҵәамҭазы афестивальқәа раамҭа аауеит. Ҳаргьы Аԥсны "абзиараз" ҳәа наҳәаны Алтаиҟа ҳцоит.

— Амҩадуқәа рҟны ишәырҳауа аԥара азхома шәыԥсҭазаара?

— Аԥхын иҳазхоит. Сара иара убасгьы Вологдатәи суада арендла ирысҭоит.

- Дауншифтинг?

— Сара ҳәаақәак ирҭагӡоу амузыка саҿагылоит. Уи адагьы амузыка аӡбахә зҳәатәузеи, амузыка арҳәалатәуп.

Васили ифлеита ааирхәмарит. Амшынгьы инахыҵәеит еилаӡҩо амелодиа хаа аҷнышқәа рыбжьи ацәқәырԥабжьи ирымакуа…

Ажәабжьқәа зегьы
0