Ҭырқәтәыла аԥжәарақәа аҭыԥ рыман

© Sputnik / Руслан Кривобок / Амедиаҵәахырҭахь аиасраҬырқәтәыла.
Ҭырқәтәыла. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иацы Диарбакыр Баӷлар араион аҟны 16:30 рзы аполициатә автобус аиасымҭазы иԥжәеит ааигәа игылаз автомашьына.

АҞӘА, лаҵара 11 – Sputnik. Диарбакыр Баӷлар араион аҟны иацы 16:30  рзы аполициатә автобус аиасымҭазы иԥжәеит ааигәа игылаз автомашьына. Ианеиҵаха хҩык рыԥсҭазаара иалҵит ҩеижәи ҩыџьаҩык ахәрақәа роуит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аполициа равтобус абри аамҭазы имҩаԥнагон ахәышәтәырҭахь иаанкылан иҟоу Ҭырқәтәыла ззин ыҟам Курдисҭан аусутә партиа алахәылацәа.

Ахәрақәа роуит аполициа аусзуҩцәа, КАП алахәылацәа, иара ус амҩасцәа.

Уаанӡа, аҵыхәтәантәи амзақәа рзы Диарбакыр имҩаԥысуан КАП алахәылацәа ирҿагылоз арратә операциа.

Ажәабжьқәа зегьы
0