Иахьа адунеи аҿы иазгәарҭоит афилологцәа рымш

© Фото : Евразийская ассоциация университетовАԥснытәи аҳәынҭқарратә университет
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 25 аҽны адунеи ажәларқәа аӡәырҩы иазгәарҭоит афилологцәа рзанааҭ амшныҳәа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет ашьақәгылара иазааԥсази еицырдыруа аушьҭымҭацәеи ртәы еиҭеиҳәеит уаанӡа ААУ афилологиатә факультет деканс иҟаз, аҵарауаҩ Оҭар Ӡиӡариа.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

Афилологиатә факультет шьаҭас иаиуит 1932 шықәсазы Аҟәатәи аҳәынҭқарратә институт аҿы еиҿкааз ауаажәларратә-литературатә факультет. 1933 шықәсазы иаартын аурыс бызшәа акафедра, 1937 шықәсазы — аурыси аҳәаанырцәтәи литературақәа ркафедра, 1938 шықәсазы атәым бызшәақәа ркафедра, 1956 шықәсазы – аԥсуа бызшәеи алитературеи  ркафедра. Амилаҭ культура аҿиараҿы акырӡа зҵазкуа ари акафедра раԥхьа еиҳабыс иамаз Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лыкәын. 1965 шықәсазы хаз-хазы еиҿкаахеит аԥсуа бызшәеи алитературеи ркафедрақәа. Аԥсуа бызшәа акафедра еиҳабыс дарҭеит Алексеи Кәарҷелиа, алитература –адоцент Гьаргь Гәыблиа.

"Аԥсны аҿар аҵарадырра радԥхьалараҿы атрадициа шьахәқәа змоу, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институти, уи ашьҭахь иуниверситетхаз ҳҵараиурҭеи рҿы ианакәзаалакгьы иалкаау акакәны иԥхьаӡоуп афилологиатә факультет. Аԥсуаа аҵарадырра рыларҵәара, аԥсуа жәлар ркультура ашьҭыхра, аԥсуа қьабзқәа рыгәцаракра, абиԥарақәа иаарго атрадициақәа реихаҳара, урҭ ныҟәызго аҿар рааӡара уҳәа убас ирацәоуп ари афакультет имҩаԥнаго ауснагӡатәқәа ", — ҳәа иҳәеит аҵарауаҩ Оҭар Ӡиӡариа.

Иара иажәақәа рыла, афилологиатә факультет еснагь иахагылан аԥсуаразы акырӡа згәы былуаз, аԥсуа бызшәа аларҵәаразы аџьабаа збаз аҵарауаа шьахәқәа.

© Sputnik Рада АжьиԥҳаИахьа афилологцәа рымш азгәарҭоит
Иахьа афилологцәа рымш азгәарҭоит - Sputnik Аҧсны
Иахьа афилологцәа рымш азгәарҭоит

"Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы афакультет иахагылан, напхгара азыруан Павел Аӡынба, Елена Гагәылиа-Арсеньева, Шоҭа Арсҭаа, Баҭал Ҳагәышь, сара, иахьа афилологиатә факультет адекан Арда Ашәба иоуп. Афилологиатә факультет аҿы аҵара рҵоит 500-ҩык инарзынаԥшуа астудентцәа, 142 рҟынӡа еидызкыло апрофессор-рҵаҩратә еилазаара ыҟоуп. Иреиӷьӡоу астудентцәа ирзаԥҵоуп астипендиа ", — ҳәа азгәеиҭеит Ӡиӡариа.

Иахьа  Аԥсны иналукааша аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, ауаажәларра-политикатә усзуҩцәа, акультуреи аҟазареи рымаҵ зуа ирацәаҩӡаны афилологиатә факультет аушьҭымҭацәа роуп.

Гьаргь Гәыблиа ишәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Ӡиӡариа: алитература акафедра иашьагәыҭны иҟаз Гьаргь Гәыблиа иакәын

"Ҳаихыҽхәоит аҭоурыхтә-филологиатә факультет иалгаз Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба. Иара убас ари афакультет иаушьҭымҭацәоуп Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Баграт Шьынқәба, абызшәадырра апатриарх Константин Шьаҟрыл, акыр шықәса ашәҟәыҩҩцәа реидгыла еиҳабыз Иван Ҭарба, иара убас зыхьыӡ нагоу ашәҟәыҩҩцәа Алыкьса Гогәуа, Нелли Ҭарԥҳа, Рушьбеи Смыр, Мушьни Лашәриа, Алықьса Џьонуа, Никәала Ҳашыг, Платон Бебиа, Руслан Қаԥба уҳәа убас ирацәаны. Афилологиатә факультет иалгеит аинрал Гиви Смыр, анкьа Аԥсны актәи маӡаныҟәгаҩс иҟаз  Валериан Кобахьиа, аиҳабырақәа рыҟны аус зуаз Архип Лабахәуа, ажәакала ари ахәышҭаара иаҿыҵыз рацәаҩуп. Аҿар рхаҭарнакцәа ракәзар еснагь ҳгәы рыладууп", — ҳәа иҳәеит иара.

© Sputnik Рада АжьиԥҳаИахьа афилологцәа рымш азгәарҭоит
Иахьа афилологцәа рымш азгәарҭоит - Sputnik Аҧсны
Иахьа афилологцәа рымш азгәарҭоит

Афилологиатә факультет аҟны быжь-кафедрак ыҟоуп. Уи аԥсуа бызшәеи, аԥсуа литературеи, аурыс бызшәеи, аурыси аҳәаанырцәтәи алитературеи, атәым бызшәақәеи, англызи анемец бызшәақәеи, ажурналистикеи, актиортә ҟазареи ркафедрақәа роуп. Арҭ акафедрақәа рыҟны аус руеит 140 арҵаҩцәа, урҭ рахьынтә 13-ҩык профессорцәоуп, 34-ҩык доцентцәоуп, анаукақәа иркандидатцәоуп.

"Ара аус руеит даараӡа ахьыӡ змоу ҳҵарауаа дуқәа Маргарита Ладариа, Шоҭа Арсҭаа, Шоҭа Салаҟаиа, Зураб Џьопуа, Виачеслав Чыргба, Лили Ҳагԥҳа, Екатерина Бебиаԥҳа убас аӡәырҩы ", ҳәа ациҵеит аҵарауаҩ.

© Sputnik Рада АжьиԥҳаИахьа афилологцәа рымш азгәарҭоит
Иахьа афилологцәа рымш азгәарҭоит - Sputnik Аҧсны
Иахьа афилологцәа рымш азгәарҭоит

Афилологиатә факультети  Урыстәылатәи, Ҟабардатәи, Ҟәбантәи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәеи дареи аус еицура рыбжьоуп.

Лаҵарамза 25 аҽны Адунеи ажәларқәа аӡәырҩы иазгәарҭоит афилологцәа рзанааҭ рымшныҳәа. Аҵарауаа ргәанагарала афилологиақәа рнаука  шьақәгылеит 17-18 ашәышықәсақәа рзы. Иҿиеит иара Ажәытәтәи Индиа.

© Sputnik Рада АжьиԥҳаИахьа афилологцәа рымш азгәарҭоит
Иахьа афилологцәа рымш азгәарҭоит - Sputnik Аҧсны
Иахьа афилологцәа рымш азгәарҭоит


Ажәабжьқәа зегьы
0