АҞӘА, рашәарамза 1 – Sputnik. Аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысуа ауааԥсыреи автомашьынақәеи рхыԥхьаӡара акыр еизҳаит ҵыԥхтәи ашықәс иадкыланы. Иахьазы Аԥсныҟа иҭалоит ҩеижәанызқьҩык ауааԥсыреи ԥшьнызқь рҟынӡа автомашьынеи. Абри аҩыза адырра ҟанаҵоит Урыстәыла аладатәи аҳазалхратә усбарҭа.
Лаҵарамзазы аҳәаа иахысит миллионбжак ауааԥсыреи 125 нызқь автомашьынеи. Урыстәылатәи аҳәаахьшьцәа разыԥхьагәаҭарақәа рыла сынтәа аԥсуа ҳәаа иахысраны иҟоуп миллионла ауааԥсыра.
Урыстәыла аладатәи аҳазалхратә усбарҭа аофициалтә дыррақәа рыла рашәарамза инаркны аусура иалагоит ацәаҳәа цҵа автомашьынақәа рзы.