Алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы ианраамҭаз иаартын

© Sputnik / Томас ТхайцукАлхырҭатә ҭыԥқәа зегьы ианраамҭаз иаартын
Алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы ианраамҭаз иаартын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәылауаа аҭак ҟарҵароуп зҵаарак: "Аԥсны Ахада заанаҵтәи иалхрақәа аҭахуп ҳәа ишәыԥхьаӡома?"

АҞӘА, ԥхынгәы 10 – Sputnik. Алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы ианраамҭаз иаартын. Аԥсны атәылауаа аҭак ҟарҵараны иҟоуп зҵаарак: "Аԥсны Ахада заанаҵтәи иалхрақәа аҭахуп ҳәа ишәыԥхьаӡома?"

Ареферендум мҩаԥысит ҳәа иԥхьаӡахоит алхыҩцәа рҟынтәи 50% аҽаӡәы дацны рыбжьы рҭиир.

Аԥшьашаҽны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Баҭал Табаӷәуа иазгәеиҭеит асиа ишану 133 202 –ҩык Аԥсны атәылауаа. Иара иҳәеит ареферендум аҟны убжьы уҭиир шалшо Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа рыла, уахьҭаҩу аҭыԥ аҟны. Уаанӡа Амиинистрцәа Реилазаара ԥхынгәы 10 рҟынӡа зыҿҳәара иахыԥахьоу атәылауаҩшәҟәқәа рыҿҳәара иацырҵахьан.

Аԥшьгаратә гәыԥ ишьақәнаргылаз ашәҟәқәеи еизнагаз ауааԥсыра рнапынҵақәеи ҵаҵӷәыс иҟаҵаны Ацентртә алхратә комиссиа иадгалан ареферендум амҩаԥгаразы арзаҳал.

Атәыла Ахада идикылаз Адҵала ареферендум мҩаԥысраны ишьақәыргылан ԥхынгәы жәаба.

Ажәабжьқәа зегьы
0