Лазба: аспорт зехьынџьара аҭыԥ амоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАмаланыҟәарныҟәаҩ Денис Саманба имҩаԥигеит апресс-конференциа.
Амаланыҟәарныҟәаҩ Денис Саманба имҩаԥигеит апресс-конференциа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амаланыҟәарныҟәаҩ Денис Саманба имҩаԥигеит апресс-конференциа аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы.

АҞӘА, ԥхынгәы 13– Sputnik, Роберт Џьапуа. Денис Саманба дызхысыз амҩа Аҟәа-Москва еиҵагыло аҿар рзы иҿырԥшыгахароуп, иҳәеит амультимидиатә хаб Sputnik Аԥсны анапхгаҩы Инал Лазба.

"Денис Саманба ивеломарафон ҿырԥшыгоуп аҿар рзы. Уи аҿар аԥнарҟәҟәаауеит ибааԥсу аусқәа рҟынтәи", — иҳәеит Инал Лазба.

Денис дызхысыз амҩа зегьы амаҵзура Sputnik Аԥсны ахылаԥшуан ахҳәаақәа азнауан, иҳәеит аинформациатә хаб анапхгаҩы.

"Денис ипроект аинтерес ҳзаҵан. Ахы инаркны аҵыхәанӡа хылаԥшра азаауан, иҟаз-ианыз ауаа ирылаҳарҵәон. Ҳәарада зегьы даара аинтерес рыҵаны иҟан. Имҩаҟны ицәырҵыз аԥынгылақәагьы рхысра илшеит", ҳәа азгәеиҭеит иара.

Авеломарафон Аҟәа-Москва хацыркын рашәарамза 18 4:30 сааҭ рзы. Бжьаха-бжьымш рыҩныҵҟа Денис 1700 километра дырхысит. Иара хықәкны иман Аԥсны авеласпорт аларҵәара. Аӡыргара. Уи адагьы иара иааирԥшыр иҭахын дарбанызаалак ауаҩы изы ахықәкы ԥынгыла шамам, ауаҩы ииҭаху зегьы шилшо.

Ажәабжьқәа зегьы
0