Кәыҵниа: Дранда ақыҭа ауаҩԥсы дыԥсны дырбеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра.
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр инапынҵақәа назыгӡо Лев Кәыҵниа иҳәеит иԥсны ирбаз ауаҩԥсы ҩымш раахыс дыӡны дшыҟаз.

АҞӘА, нанҳәа 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Дранда аҳабла инхоз Александр Беркун АҞӘАГЕС араион аҟны ашьха даҿҟьаны дҭахеит, иҳәеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр инапынҵақәа назыгӡо Лев Кәыҵниа.

"Аԥсыбаҩ ԥшаауп ахаша, нанҳәа З рзы, ашьыжь асааҭ 10 рзы. Александр Беркун ҩымш раахыс дыӡны дыҟан. Ҳусзуҩцәа уи иԥсыбаҩ аморг ахь инарышьҭит", — иҳәеит аминистр.

Иҟалаз шыҟалаз макьаназ ишьақәыргылам. Александр Беркун 1971 шықәса рзы диит, Дранда аҳаблан дынхон.

Ажәабжьқәа зегьы
0