Рауль Ҳаџьымбеи Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә университет ахаҭарнакцәеи еиԥылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Ҳаџьымба аиԥылара мҩаԥигеит
Рауль Ҳаџьымба аиԥылара мҩаԥигеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә университет ахаҭарнакцәа рделегациа иалахәын азиндырратә наукақәа рдоктор Дмитри Смирнов, азиндырратә наукақәа ркандидатцәа Максим Трофимови Алексеи Жуков.

АҞӘА, нанҳәа 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аҵареи аҭҵаарадыррақәеи рминистрреи Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә университети рыбжьара аинырразы ауснагӡатәқәа рыплан иалацәажәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Аԥсны аҵареи аҭҵаарадыррақәеи рминистр Адгәыр Какобеи Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә университет ахаҭарнакцәеи.

"Аҵара аусхк аҟны ҳаиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара есааира иацҵалатәуп", — иҳәеит атәыла Ахада асасцәа идкыло.

Аԥсны аҵареи аҭҵаарадыррақәеи рминистр Адгәыр Какоба иазгәеиҭеит ԥхьаҟа излацәажәараны иазыԥхьагәаҭоу азҵаарақәа.

"Имҩаԥаагараны ҳаҟоуп ацәыргақәҵатә уснагӡатәқәа, аӡыргарақәа. Аамҭала урҭ азыԥхьагәаҭоуп 2016 шықәса жьҭаара 10-16 рзы", — иҳәеит Какоба.

"Ҳаизыҟазаашьақәа акыр иманшәаланы имҩаԥысуеит. Даараӡа исҭахуп абрахь ҳаара ашьҭахь ақьаад аҟны иарбоу аусқәа зегьы аԥсҭазаараҿы иаларҵәахарц. Иазгәасҭар сҭахуп ҳауниверситет аректор Алина Левицкаиа гәҭакны ишлымоу излалшо ала иарбанызаалак ҳапланаҿ иарбоу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгараҿы ацхыраара аура", — иҳәоит апрофессор, азиндырратә наукақәа рдоктор Дмитри Смирнов.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит ашколхәыҷқәа аурыс бызшәеи алитературеи рахь ирымоу абзиабара шеишықәсала ишеизҳауа, аха ԥырхаганы ишыҟам ахатәы бызшәа аҵараҿи иаԥсыуааны раанхараҿи.

Ажәабжьқәа зегьы
0