Барцыц: апроект "Ухәмаруа уаиааи" иӡырнагеит аспорти аԥсуа культуреи

© Sputnik / Томас Тхайцук"Ухәмаруа уаиааи" аихшьаалақәа ирызкыз апресс-конференциа
Ухәмаруа уаиааи аихшьаалақәа ирызкыз апресс-конференциа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амультимедиатә хаб Sputnik Аԥсны аҿы апроект "Ухәмаруа уаиааи" аихшьаалақәа ирызкыз апресс-конференциа мҩаԥысит.

АҞӘА, нанҳәа 18 — Sputnik. Рада Ажьиԥҳа. Апроект "Ухәмаруа уаиааи" рызкуп Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат ConIFA 2016 аҟны аиааира згаз Аԥснытәи ашьапылампыласыҩцәа. 

Апроект мҩаԥган ҩ-хәҭакны, аилазаара Аҟәафон абзоурала раԥхьатәи аетап аҟны акоманда ашьапылампыласыҩцәа амилаҭтә форма рышәҵаны рфотосахьақәа зну абаннерқәа Аԥснытәи амҩадуқәа рҟны икыдырҵеит, аҩбатәи ахәҭаҟны ашьапылампыласыҩцәа зегьы рнапынҵамҭақәа зныз ашәҵатәы ҭрыжьит, уи алыршахеит "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" иҟанаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны.

"Аинформациатә маҵзуара Sputnik Аԥсны ас еиԥш иҟаз апроект амҩаԥгараҿы афинанстә цхыраара ҳзыжәуа ҳәа инҳадыргала, аилазаара Аҟәафон ахаҭарнакцәа мап рымкит, гәырӷьара дула ирыдыркылеит. Избан акәзар, ашьапылампыласыҩцәа иаҳзааргаз аиаааира, астадион аҟны иҟаз атмосфера зегьы иԥхаӡа иҳацуп. 30 цыра инареиҳаны ашьапылампыласыҩцәа амилаҭтә форма рышәны рфотосахьақәа зну абаннерқәа Аԥснытәи амҩадуқәа рҟны икыдырҵеит мызқәак раԥхьа. Апроект "Ухәмаруа уаиааи" иӡырнагеит аспорти аԥсуа культуреи", — ҳәа иҳәеит аимадара Аҟәафон ахаҭарнак Асҭан Барцыц.

Ари аныҳәа ҳалахәхаратә аҭагылазаашьа ҳазҭаз Sputnik Аԥсны анапхгара иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит, ҳәа ациҵеит иара.

Ухәмаруа уаиааи аихшьаалақәа ирызкыз апресс-конференциа - Sputnik Аҧсны
Лазба: апроект "Ухәмаруа уаиааи" ахықәкы хада нагӡахеит

"Жәларбжьаратәи  афонд Аԥсны" анапхгара ҳтәылаҿы имҩаԥысуаз ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат ConIFA аверсиала, аханатә еиуеиԥшым апроектқәа рыла авагылара азнауан. Апроект "Ухәмаруа уаиааи" аӡбахә анҳаҳа ашьапылампыласыҩцәа зегьы рнапынҵамҭақәа зныз ашәҵатәы аҭыжьра аҟны иҳаӡбеит адгылара аҳҭарц", — ҳәа иҳәеит "Жәларбжьаратәи  афонд Аԥсны" анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа.

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апресс маҵзураҟны имҩаԥгаз апроект "Ухәмаруа уаиааи" аихшьаалатә апресс-конференциа ахырқәшамҭаз ашьапылампыласыҩцәеи, ажурналистцәеи, асоциалтә даҟьа instagram аҟны ирылаҳәаз аконкурс аҟны аиааира згаз Диана Габелиеи Аида Христикани иранашьан ашьапылампыласыҩцәа зегьы рнапынҵамҭақәа зныз ашәҵатәы.

 


Ажәабжьқәа зегьы
0