Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ԥачулиа: аибашьра иаԥшьызгаз аҳәынҭқарра ианаамҭоу иаанкылатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачулиа
Аҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачулиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачулиа, Аҩбатәи адунеизегьтәи еибашьра ахыркәшара амш аҽны дазааҭгылеит уи зыхҟьази Аԥсны аҵеицәа уи рхы шаладырхәызи ртәы.

Валикәа Ԥачулиа игәаанагарала, Аҩбатәи адунеизегьтәи еибашьра аламгаз ауан ианаамҭаз аҳәынҭқарра дуқәа еицәажәаны иҿагылазтгьы.

"Англиеи Франциеи ирхароу даара ирацәоуп, дара ирҭахын Гитлер Асовет ҳәынҭқарра дақәларц, уи уахь дхьадырԥшуан. Аибашьра мышқәак шагыз Англеи Францеи рделегациа Москва иҟан, убри аус азы, аха изеинымаалеит. Убасҟан еидгылар, аибашьра ҟалаӡомызт. Аибашьра иаԥшьызгаз аҳәынҭқарра ианаамҭоу иаанукылар ауп", — иҳәоит аҵарауаҩ. 

Аибашьра алагаанӡагьы ишыҟалоз убаратәы иҟан, Гитлер аҽазыҟаҵара даҿын, уи аҳәынҭқарра дуқәа зегьы ирбон, — ҳәа азгәеиҭоит уи.

"Хра злоу ахҭысқәа": аҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачулиа Аҩбатәи адунеизегьтәи еибашьра ахыркәшара амш аҽны дазааҭгылеит уи зыхҟьази Аԥсны аҵеицәа уи рхы шаладырхәызи.

Аҵарауаҩ иара убас иазгәеиҭеит, Аҩбатәи адунеизегьтәи еибашьраҿы Аԥсны иалҵыз аҵеицәа хацәнамырха аӷа ишиҿагылаз.

"Уаанӡа Германиа иаҿагыланы еибашьуаз адивизиақәа рацәаны Иапониаҟа идәықәырҵеит. Уаҟа иҟан Квантунтәи ар ҳәа изышьҭаз, урҭ зегь реиҳа иӷәӷәаз ҳәа иԥхьаӡан. Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәыз рацәаны уаҟа еибашьуан, аԥсуаагьы уахь инарылаҵаны. Уа еибашьуаз аԥсуаа рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Платон Рабаиа, уи ԥшыхәҩыс дыҟан, уи илша даара ирацәан. Иара убас Николаи Аиба Иапониа деибашьуан, уи ианашьан Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы аорден, иара убас Сталин иҟнытәи аҳаҭыртә салам шәҟәы изынашьҭын", — иҳәеит аҵарауаҩ.


Ажәабжьқәа зегьы
0