Лолуа: иҟалоит Аҟәатәи аԥжәареи Донецк Моторола ишьреи еидҳәалазар

© Sputnik Томас ТхайцукУаанӡатәи Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Рауль Лолуа
Уаанӡатәи Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Рауль Лолуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа жьҭаара 17, ашьыжь асааҭ быжьба рзы аԥжәара ҟалеит.

АҞӘА, жьҭаара 18– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иҟалоит Аҟәатәи аԥжәареи Донецк Арсен Павлов (Матарола) ишьреи еидҳәалазар ҳәа, ҳкорреспондент иеиҳәеит уаанӡатәи Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Рауль Лолуа.

"Иҟалоит арҭ ахҭысқәа рыҩбагьы еидҳәаларак рымазар. Иҭахаз ауаҩԥсы уахьынтәи акәзар, уи уархәыцыртә иҟоуп. Ҳара иаадыруеит Донецктәи жәлар рреспубликаҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа аԥсуаагьы шалахәу. Иахьынӡаздыруа ала Моторола данҭахоз дицҭахеит аԥсуа ҷкәын. Иҟалоит иҟалаз ала иаҳдырбарц рҭахызар ирылымшо акгьы шыҟам", — иҳәеит Лолуа.

Иара игәаанагарала аԥжәараан иҭахаз иҽԥижәарц иҭахӡамызт, уи дҵаны имаз аԥжәара аҽа ҭыԥк аҟны амҩаԥгара акәын.

"Арԥжәага аҟазшьақәа рылеи иҭахаз иаахақәа шыҟоуи рыла иазгәоуҭар ауеит атротил 200 грамм ишеиҳамыз. Уи адагьы уи ааха узҭо аелементқәа аман. Уи иаанаго ауаа ирзырхан ауп", — иҳәеит Лолуа.

Лолуа игәаанагарала арԥжәага напылаҟаҵаран, адәахьы иԥжәар рацәак аԥхасҭа ҟанаҵо иҟамызт. Иара убри аамҭазы арԥжәага хыбрак аҩныҵҟа иԥжәазҭгьы аԥхасҭа рацәа аур ауан.

Уаанӡа Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахьиа иазгәеиҭахьан иҭахаз ауаҩы ихала дыҟамзар ҟалон ҳәа.

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа жьҭаара 17, ашьыжь асааҭ быжьба рзы аԥжәара ҟалеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0