Хоџьааԥҳа: ахьчаҩцәа рхыԥхьаӡара еиҵоуп ақьаад аҿы ишарбоу аасҭа

© Sputnik / Томас ТхайцукБывший директор АГТРК Эмма Ходжаа
Бывший директор АГТРК Эмма Ходжаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа жьҭаара 17, ашьыжь асааҭ быжьба рзы аԥжәара ҟалеит.

АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа жьҭаара 17, ашьыжь асааҭ быжьба рзы аԥжәара ҟалеит. Иҭахаз ауаҩы ихаҭара макьаназы ишьақәыргылам. Абри инадҳәаланы Аԥсуа телерадиоеилахәыра уаанӡатәи адиректор Емма Хоџьааԥҳа иазгәалҭеит АГТРК аҵакырадгьыл зыхьчо ауаа рхыԥхьаӡара дара ақьаад аҟны ишарбоу аасҭа акыр еиҵоуп ҳәа.

"Адокументқәа рыҭҵаара саналага сара иазгәасҭеит ахьчара мҩаԥызго ауаа рхыԥхьаӡареи еиқәышаҳаҭрала аџьаԥсахәы ззыршәо ауаа рхыԥхьаӡареи шеиқәымшәоз", — лҳәеит Хоџьааԥҳа.

Лара лажәақәа рыла ателерадиоеилахәыра аҵакырадгьыл ахь уҭалар алшоит рацәак имыруадаҩӡакәа, акамерақәа ыҟам, аҵакырадгьылгьы ишахәҭоу еиԥш лашарала еиқәыршәам, ахьчаҩцәа ракәзар рнапынҵақәа ишақәнаго еиԥш инарыгӡом.

Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аиҳабы Муҳамед Кьылба. - Sputnik Аҧсны
Кьылба: аԥжәара ззырхаз ауаа ракәын

"ААМ (ГСО) аусзуҩцәа имаҷымкәа аԥара рзыршәоит. Сара исҭахын ари аус иадсыԥхьаларц еиҳа ипрофессионалцәоу, аҷаԥшьара ацынхәрас ацәа зҽазымҭо, аха иамуит", — лҳәеит лара.

Емма Хоџьааԥҳа лгәаанагарала ауаа аԥырхага рыҭара ргәы иҭакымзар ҟаларын ацәгьоуцәа. Урҭ ирхықәкыз уаҩҵас ирмыхьчо ахыбра акәын. Уиала дара ауаажәларра рҟны аинформациатә цәажәарақәа шьҭырхуан. Хаҭала уи зхы иазырхәарц зҭахыз ҳәа аӡәгьы иӡбахә азгәалымҭеит.

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа жьҭаара 17, ашьыжь асааҭ быжьба рзы аԥжәара ҟалеит. Иҭахаз ауаҩы ихаҭара макьаназы ишьақәыргылам.

Ажәабжьқәа зегьы
0