Аԥсныи Урыстәылеи Ршәарҭадаратә хеилакқәа акоррупциа иаҿагыланы иқәгылоит

© Sputnik / Бадрак АвидзбаАԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба
Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилаки Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилаки акоррупциа иаҿагыланы ақәгылара азҵаара иалацәажәеит Аусбарҭақәа русеицура аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз аиԥылараҟны.

АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилаки Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилаки русеицура аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз аиԥылараҟны Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба иазгәеиҭеит атәылақәа рыҩбагь реинырра аҵак ду аманы ишыҟоу. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.

Кьылба инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьақәа аҿиара ишаҿу. 2008 шықәса раахыс 80 рҟынӡа еиқәшаҳаҭреи еилаӡареи анапы рыҵаҩуп.

"Иахьатәи ауснагӡатә амҩаԥгара иацхрааит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилаки Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилаки раппаратқәа рыбжьара аусеицуразы аплан", — иҳәеит Кьылба.

Муҳамед Кьылба иҳәеит ишазыԥхьагәаҭоу аусбарҭабжьаратә усутә консультациақәа аԥышәа аимдарази ацәгьоуреи акоррупциеи рызҵаарақәа рыӡбарази.

Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев иазгәеиҭеит ԥхынгәымзазы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи иареи анеиԥылоз ишалацәажәаз Аԥсны азинеиҿкаара ацхраара азҵаара.

"Ҳара иаҳусдҵа хаданы иҟоуп азинхьчаратә органқәа рԥышәа аимдара ацәгьауреи акоррупциеи ирҿагылан ақәԥараҿ", — иҳәеит Рашид Нургалиев.

Нургалиев иазгәеиҭеит ишазыԥхьагәаҭоу азинхьчаратә органқәа рганахьала аусутә еиныррақәеи аҵара азҵаара аганахьалеи.

Иара иазгәеиҭеит аусура аконструктивра аиуп ҳәа дышгәыӷуа. Аусура аихшьаалақәа рыла аус адулахоит ацәгьоуреи акоррупциеи ирҿагылан ақәԥараз аплан.

Ажәабжьқәа зегьы
0