Аҟәа араион Ахада ҿыц аколлектив дыддырдырит

© Sputnik Бадрак АвидзбаСмыр Валери
Смыр Валери - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Беслан Аҩӡба инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәын атәыла Ахада Иусԥҟала ԥхынгәы 14 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Атәыла Ахада Иусбарҭа аиҳабы Даур Аршба аколлектив дыдирдырит араион Ахада ҿыц – Смыр Валери.

"Уаанӡатәи араион Ахада иақәшаҳаҭрала иҳадкылан аӡбра – Валери Смыр араион Ахадас иҟаҵаразы. Иара шәара зегьы ибзианы дыжәдыруеит. Изеиӷьаҳшьап ақәҿиарақәа", — иҳәеит Аршба.

Даур Аршба иазгәеиҭеит Беслан Аҩӡба иусура хра аманы ишымҩаԥысуаз. Валери Смыр иакәзар иҭабуп ҳәа ахиҳәааит ирҭаз агәрагара, иҳәеит имч-илша зегьы иусура ишазикуа.

"Сара ҩышықәса инарзынаԥшуа абра аус зуан. Сгәы иаанагоит исышәҭаз агәрагара шәахьысмырхәып ҳәа. Беслан Шамониа-иԥа иакәзар, иара ианиааз ауп араион ашьапықәгылара ианалагаз. Урҭ аусқәа ҳаргьы ирыцаҳҵап ҳәа сгәыӷуеит", — иҳәеит Смыр.

Иара убасгьы иҳәеит дшеигәыӷуа аколлектив идгылан аус ицыруп ҳәа. Беслан Аҩӡба иакәзар иазгәеиҭеит иара изы иҳаҭыр дуны ишыҟаз араион Ахадас иусура.

"Сара зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит исырҭоз адгыларазы. Иахьатәи аҭагылазаашьа акәзар уи аполитика иадҳәалам, сара схатә ӡброуп. Шәгәы ишаанагоз еиԥш аусура еиҿкаамзар саҭамыз ҳәа шәасҳәоит", — иҳәеит Аҩӡба.

Беслан Аҩӡба араион напхгара аиҭон 2014 шықәса жьҭаара 28 аахыс. Валери Смыр уаанӡа араион Ахада ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

Ажәабжьқәа зегьы
0