Калдахәаратәи ашкол-интернат азы автобус аахәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-конференция заместителя министра образования и науки РА, Дмитрия Гварамия на АГТРК
Пресс-конференция заместителя министра образования и науки РА, Дмитрия Гварамия на АГТРК - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Калдахәаратәи ашкол-интернат азы автобус аахәоуп ареспублика абиуџьет ԥарақәа рыла.

АҞӘА, ажьырныҳәа 25– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Калдахәаратәи ашкол-интернат азы автобус аахәоуп ареспублика абиуџьет ԥарақәа рыла иҳәеит радио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Гәарамиа.

"Акыр иҵарны иқәгылан ашкол-интернатқәа рзы автотранспорт аахәара. Ишыжәдыруа еиԥш аинтернатқәа ақалақьқәа инарыцәхыкны иҟоуп. Арҵаҩцәа аусура рнеира апроблемақәа ацуп", — иҳәеит иара.

Дмитрий Пасхалов - Sputnik Аҧсны
Арадио
Пасхалов: аҵара аминистрра иаҳнаҭаз амашьына ааӡаратә процесс азы ихәарҭоуп

Шықәсык иназынаԥшуа калдахәаратәи ашкол-интернат арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рымҩаԥгаразы автотранспорт арендла иганы ахархәара арҭон иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

"Иахьазы уи апроблема ӡбоуп. Абиуџьет аҟны иазыԥхьагәаҭоуп автотранспорт ишахәҭоу аусура алзыршо аԥарақәа", — иҳәеит иара.

"Очамчыратәи ашкол-интернат акәзар транспортла еиқәыршәоуп. Уа автобусқәа ҩба аус руеит" ҳәа азгәеиҭеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Дмитри Гәарамиа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистрра ахала ишалымшо ашколқәа транспортла реиқәыршәара. Убри азоуп атәыла аиҳабыра апроблема аӡбра нап задыркыз.

Ажәабжьқәа зегьы
0