Ачемпионат аан Саудтәи Аравиантәи Москваҟа иԥыруа аҳаирпланқәа бжьарҵоит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСамолет Boeing 747
Самолет Boeing 747 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асаит Holidaysbysaudia Урыстәыла ашьапылампыл азы имҩаԥысраны иҟоу адунеи ачемпионат аан еиуеиԥшым: абилеҭқәа рыҭиреи раахәареи, анхара, атрансфер уҳәа реиԥш иҟақәоу акциақәа рымҩаԥгараҿы ацхыраара ҟанаҵалоит.

АҞӘА, жәабран 5— Sputnik. 2018 шықәса рашәарамза 12 инаркны Саудтәи Аравиантәи Москваҟа ишиашоу иԥыруа аҳаирпланқәа бжьарҵоит ҳәа аанацҳауеит аҳаиртәеилахәыра Saudi Arabian Airlines. Абри атәы иалацәажәоит РИА Новости.

Амаҵзура адыррақәа рыла Москваҟа аҳаирпланқәа шьҭыԥраалоит ақалақьқәа Ер-Риадии Джеддеи рҟынтәи.

Асаит Holidaysbysaudia Урыстәыла ашьапылампыл азы имҩаԥысраны иҟоу адунеи ачемпионат аан еиуеиԥшым "Travel with Saudia to Moscow" захьӡу: абилеҭқәа рыҭиреи раахәареи, анхара, атрансфер уҳәа реиԥш иҟақәоу акциақәа рымҩаԥгараҿы ацхыраара ҟанаҵалоит.

Урыстәыла иахьаҵанакуа раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуа адунеи зегьтәи ашьапылампыл азы ачемпионат аатуеит рашәарамза 14 рзы, ихыркәшахоит ԥхынгәымза 15 рзы. Ахәмаррақәа мҩаԥысраны иҟоуп: Москва, Калининград, Петербург, Волгоград, Казань, Аладатәи Новгород, Самара, Саранск, Ростове-на-Дону, Екатеринбург, Шәача.

Ажәабжьқәа зегьы
0