Аҟәатәи адукатцәа рықалақьтә коллегиа дырҳәит

© Sputnik / Томас ТхайцукМилиция у здания ЦИК по время парламентских выборов в Сухуме
Милиция у здания ЦИК по время парламентских выборов в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи адукатцәа рықалақьтә коллегиа дырҳәит 2018 шықәса хәажәкыра 2 ауха.

АҞӘА, хәажәкыра 5мар – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи адукатцәа рықалақьтә коллегиа дырҳәит 2018 шықәса хәажәкыра 2 ауха ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны адукатцәа рпалата аиҳабы Иван Зарандиа.

"Ақәылаҩцәа ашә ԥҽны асеиф аадыртит. Ҳара аԥшьаша ауха аулафахәы ҳауит. Ацәгьоуцәа 40 000 мааҭ рӷьычит", — иҳәеит Зарандиа.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзураҿы абри ахҭыс ахҳәаа аҭо иазгәарҭеит аӷьычразы адырра ҟаҵан ҳәа хәажәкыра 2, асааҭ 09.10 рзы.

"Аҭыԥ аҿы ҳнеины ишьақәҳаргылеит зхаҭара шьақәыргылам ахаҿы адукаттә биуро "Азинхьчара" (Аконфедератцәа рымҩа, аҩ. 37) дыҩналаны, асеиф ԥҽны 40 000 мааҭ аԥара шигаз", — ҳәа азгәанаҭоит апресс-маҵзура.

Абри ахҭыс аганахь ала аусҭҵаара хацыркуп.

Аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа рзырхоуп ацәгьа зуз рыԥшаареи раанкылареи.

Ажәабжьқәа зегьы
0