Аҟәа асахьаҭыхыҩцәа ааԥынтәи рцәыргақәҵа аадыртит

© Sputnik Амра АмичбаВесенняя выставка Союза художников Абхазии, приуроченная к Международному женскому дню, в Центральном выставочном зале
Весенняя выставка Союза художников Абхазии, приуроченная к Международному женскому дню, в Центральном выставочном зале - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәа иазку, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ааԥынтәи ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит хәажәкыра 5-10 рзы Ацентртә цәыргақәҵатә зал аҿы.

АҞӘА, хәажәкыра 6 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭа 35 злахәу, Аҳәса Жәларбжьаратәирымшныҳәа иазку, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ааԥынтәи ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит хәажәкыра 5-10 рзы Ацәыргақәҵатә зал аҿы.

Ацәыргақәҵа аадыртит хәажәкыра 5 рзы. Ара иҟоуп: еицырдыруа, аиҳабыратә абиԥара иатәу Леонид Еныкь, Витали Џьениа, Сергеи Ҵәыџьба, Заур Мықәба, аҿарацәа –Диана Хынҭәԥҳа, Аԥшьа Ҳагԥҳа, Екатерина Гуськова уҳәа рырҿиамҭақәа.

Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа ишиҳәаз ала асахьаҭыхыҩцәа зегьы ирылаҳәан ацәыргақәҵа шыҟалоз, дасу илшон иҭыхымҭақәа рықәыргылара.

Џьениа иҳәеит ацәыргақәҵа Жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәа ишазку. Ацәыргақәҵатә зал аартхоит аныҳәамш аҽны. Изҭаху зегьы ироуеит алшара аусумҭақәа рбарацы.

© Sputnik Амра АмичбаВесенняя выставка Союза художников Абхазии, приуроченная к Международному женскому дню, в Центральном выставочном зале
Весенняя выставка Союза художников Абхазии, приуроченная к Международному женскому дню, в Центральном выставочном зале - Sputnik Аҧсны
Весенняя выставка Союза художников Абхазии, приуроченная к Международному женскому дню, в Центральном выставочном зале

Асахьаҭыхыҩ қәаԥш Екатерина Гуськова 2017 шықәса жьҭаарамзазы асахьаҭыхыҩцәа Реидгылахь дрыдыркылеит. Ацәыргақәҵахь иналгеит аусумҭақәа ҩба: "Корабль", "Два рояля".

"Аусумҭа ҷыдала ацәыргақәҵа иазсырхиеит. Хымз инарзынаԥшуа аус адызулон. Иазгәашәҭазар, ссахьақәа арама иҭасаӡам. Исҭахымхеит урҭ ҳәаақәак ирҭасыгӡар, акала ихасырҭәаар", — лҳәеит лара.

Елена Кәакәасқьырԥҳа ҩынтәуп асеиԥш иҟоу ацәыргақәҵа далахәхеижьҭеи.

"Аусумҭақәа ԥшьба аазгеит. Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ҩба алыркааит: "Девушка загадка", "Движение жизни". Насыԥ сыманы схы збоит Аԥсны еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәа инарываргыланы сара сусумҭақәагьы ӡырызгар ахьсылшо. Агәахәара ду снаҭоит ацәыргақәҵа аҳәса рымшныҳәа иахьазку. Исҭахуп урҭ зегьы агәалаҟазаара бзиеи анасыԥи рымазаарц", — лҳәоит Елена.

Жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәа иазку, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ааԥынтәи ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит хәажәкыра 5-10 рзы Ацентртә цәыргақәҵатә зал аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0