Трамп Китаи хра аманы дахәаԥшуеит

© Sputnik / Иван Руднев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание посольства США в Минске
Здание посольства США в Минске - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Америкатәии китаитәии ахадацәа ҭелла еицәажәеит. Аицәажәара теманы иаман Трампи Ким Чен Ыни реиԥылара.

АҞӘА, хәажәкыра 12 — Sputnik. США апрезидент Дональд Трамп Китаи ахантәаҩы Си Цзиньпин даниҿцәажәа ашьҭахь иазгәеиҭеит "Китаи хра зманы иҟоу, ихәарҭоу тәылоуп" ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Америкатәии китаитәии ахадацәа адиалог США-КНДР шьахәуп ҳәа ахырҳәааит.

"Китаи ахада Си Цзиньпини сареи инарҭбааны ҳалацәажәеит иазыԥхьагәаҭо Ким Чен Ыни сареи ҳаиԥылара. Си иҳәеит ахә ҳаракны ишишьо аҭагылазаашьа дипломатиатә мҩала аӡбра ҳахьаҿу. Китаи хра змоу, ихәарҭоу тәылоуп", — ҳәа иҩит Трамп Twitter аҿы.

Уаанӡа Дональд Трамп Ким Чен Ын идигалаз аиԥылара дақәшаҳаҭхахьан. Аиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп лаҵарамзанӡа.

Аҩны шкәакәаҿы иазгәарҭеит аамҭеи аҭыԥи ҷыдала ишышьақәыргылахо.

Ажәабжьқәа зегьы
0