Никол Пашиниан Аԥыза-министр ҳәа икандидатура ықәыргылоуп

© Sputnik / Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПресс-конференция Н. Пашиняна в Ереване
Пресс-конференция Н. Пашиняна в Ереване - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ермантәыла апарламенттә фракциа "Елк" ахада Никол Пашиниан икандидатура ықәыргылоуп мшаԥы 30 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 30 — Sputnik. Ермантәыла апарламенттә фракциа "Елк" ахада, аоппозициаа раԥхьагыла Никол Пашиниан Аԥыза-министр ҳәа икандидатура ықәыргылоуп мшаԥы 30 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Армения, афракциа "Елк" алахәыла Арарат Мирзояиан иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Протестующие перед отделением полиции, где предположительно находится Никол Пашинян (22 апреля 2018). Ереван - Sputnik Аҧсны
Ермантәыла анапхгаратә партиа Аԥыза-министр икандидатура ықәнаргылом

Мирзоиан аҳәамҭа ҟаиҵеит апарламенттә фракциа "Елк" апарламент егьырҭ апартиақәа ахԥа рхадацәа ишырԥылаз, аилацәажәарақәа шымҩаԥыргаз.

Мирзоиан иазгәеиҭеит Ермантәыла аԥеиԥш азы згәы былуа Пашиниан изы рыбжьы рҭиип ҳәа.

Уаанӡа, Ермантәыла анапхгаратә партиа Аԥыза-министр икандидатура ықәнаргылом ҳәа аҳәамҭа шыҟаҵоу азы адырра аухьан РИА Новости, ЕАП анагӡаратә орган алахәыла, апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Едуард Шармазанов иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

ЕАП анагӡаратә орган алахәыла, апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Едуард Шармазанов иажәақәа рыла асеиԥш иҟоу аполитикатә шьаҿа иалнаршоит ареспубликаҿы аимак аԥырҟәҟәаара, аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара.

Ус шакәугьы ЕАП алхрақәа ирылахәхоит.

Мшаԥы 13 инаркны Ермантәыла имҩаԥысуан Серж Саргсиан Аԥыза-министрс иалхра иаҿагылаз амитингқәа.

Мшаԥы 23 рзы, ауаажәларра массала рықәгылара ашьҭахь Аԥыза-министр Серж Саргсиан инапынҵақәа аанижьит. Аԥыза-министр инапынҵақәа неигӡоит Карен Карапетиан.

Аоппозициаа Аиҳабыра зегьы ԥхьатәара ицарци анапхгара иатәу Ареспубликатә партиа аԥыхреи рзы иқәгылоит.

Мшаԥы 25 рзы аиҿкаара "Мой шаг" аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥыза-министр икандидатура ҳәа Никол Пашиниан икандидатура шықәнаргыло азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0