Аԥсуа диаспора раԥшьгамҭа ахәшьара ду аҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВадим Харазия
Вадим Харазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи агуберниа Сакариа иаҵанакуа ақыҭа Балбала (Калдахәара-аред.) инхо адиаспора аԥсуа чарақәа рыҟны арыжәтә ажәыреи ахысреи азин рымырхит.

АҞӘА, лаҵара 8 – Sputnik. Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ аԥсуа диаспора рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭеиҵеит аусбарҭа жәиԥшь шықәса раԥхьа ирыдкылаз аӡбра иахәҭоу азхьаԥшра ахьанамҭо. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа.

Вадим Харазия - Sputnik Аҧсны
Ҳаразиа: Аԥснынтәи Ҭырқәтәыла аҵара иҭоу астудентцәеи ҳареи ҳаиԥылеит

"Агуберниа Сакариа иаҵанакуа ақыҭа Балбала – қыҭа дууп. Уа еиланхо аԥсуаа заҵәык роуп. Иацы ақыҭа абыргцәа еизаны иалацәажәон 14 шықәса раԥхьа ирыдыркылаз аӡбра аус шауа атәы. Аиԥылара далахәын Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ. Иара аԥсуа диаспора рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭеиҵеит аусбарҭа жәиԥшь шықәса раԥхьа ирыдкылаз аӡбра иахәҭоу азхьаԥшра ахьанамҭо азы, усеиԥш аӡбра шыҟоу атәы ауааԥсыра иахьрыламырҵәо", — иҳәеит Ҳаразиа.

Иара иазгәеиҭеит асеиԥш аӡбра шрыдыркылаз 2004 шықәса рзы ачарақәа рҟны изныкымкәа-иҩынтәымкәа амашәырқәа аныҟала ашьҭахь.

"Аӡбра амҩаԥгашьа аилкааразы ҩаԥхьа еизаз аԥсуаа реилацәажәара ашьҭахь Сҭамбыл, Ҭырқәтәыла апрезидент Реджеп Таип Ердоган имҩаԥигоз амитинг аҿы аԥсуа жәлар ҭабуп ҳәа реиҳәеит абри аидеиазы, уи ахылаԥшра шаиуагьы азгәеиҭеит", — иҳәеит Вадим Ҳаразиа.

Балбала ақыҭаа быргцәа рыӡбра азгәаҭан Англиа Апарламент аҿгьы. Уаҟа ари аԥшьгара шьахәны ирыԥхьаӡеит, егьырҭ ҿырԥшысгьы ирзықәдыргылеит иҳәеит иара.

Вадим Ҳаразиа Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакс иусура хациркит 2017 шықәса ԥхынгәы 17 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0