Аминистрцәа Реилазаараҟны аусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи рхаҭыԥуааи шьақәдырӷәӷәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание кабинета министров
Заседание кабинета министров - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аминистрцәа Реилазаара ҿыц актәи аилатәара мҩаԥысит 2018 шықәса лаҵара 31 рзы.

АҞӘА, лаҵара 31 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥшьаша, лаҵара 31 рзы Аминистрцәа Реилазаара ҿыц актәи аилатәара мҩаԥысит, аусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи рхаҭыԥуааи шьақәдырӷәӷәеит.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Алхас Конџьариа.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра астатс-маӡаныҟәгаҩыс дҟаҵоуп Алисы Арӡынԥҳа, абри аҭыԥ аҿы 2017 шықәса абҵара 15 раахыс аус зуаз.

Кабинет министров. - Sputnik Аҧсны
Аминистрцәа ҿыцқәа алхуп

1992-1993шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа абиуџьетнҭыҵтәи рҳәынҭқарратә фонд ахантәаҩыс далхуп Бадри Агрба, 2015 шықәса раахыс абри аҭыԥ аҿы аус зуаз.

Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп 2015 шықәса раахыс абри аҭыԥ аҿы аус зуаз Баҭал Кобахьиа.

Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп 2017 шықәса раахыс абри аҭыԥ аҿы аус зуаз Беслан Ӷәырџьуа.

Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп 2014 шықәса раахыс абри аҭыԥ аҿы аус зуаз Дмитри Гәарамиа.

Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Медеиа Ченгьелиаԥҳа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп 2002 шықәса раахыс абри аҭыԥ аҿы аус зуаз Геннади Арӡынба.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп 2002 шықәса раахыс абри аҭыԥ аҿы аус зуаз Александр Гәлиа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Еркан Қәҭарба.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Афонд анагӡаратә директорс дҟаҵоуп Енвер Чамагәуа. Абри аҭыԥ аҿы иара диԥсахит Џьон Смыр.

Кабинет министров республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Аминистрцәа реилазаараҿ аиҭакрақәа: анапы рыҵаҩуп еиуеиԥшым аусԥҟақәа

Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Владимир Дауров.

Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Артуш Сарибекиан.

Аԥсны Атәанчахәытә фонд ахантәаҩыс дҟаҵоуп Денис Гәлариа.

Аԥсны Афинансқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп 2011 шықәса раахыс абри аҭыԥ аҿы аус зуаз Ирма Амҷԥҳа.

Аԥсны Афинансқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Саид Гәыбаз.

Аԥсны Аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Заур Гәылиа.

Аԥсны Аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Баҭал Ҭарба.

Аԥсны Аиустициа аминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Динара Папԥҳа.

Аԥсны Аиустициа аминистрра аӡбарҭа анагӡаҩцәа рмаҵзура аиҳабыс дҟаҵоуп Зураб Барцыц.

Аԥсны Аҿартә политиказы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Михаил Цкәуа.

Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Асҭамыр Ахба.

Аԥсны Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Мсоуст Шамба.

Аԥсны Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Ушьанги Кәыҵниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0