Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа аиҭарыхәаԥшра иалацәажәан

© AFP 2023 / Andreas SolaroПремьер-министр Италии Джузеппе Конте во время выступления в парламенте
Премьер-министр Италии Джузеппе Конте во время выступления в парламенте - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Италиа Аԥыза-министр ҿыц Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа реиҭарыхәаԥшра далацәажәеит, аминистрцәа реилазаара ҿыц ашьақәыргылара аламҭалаз италиатәи апартиақәа "Движение 5 звезд" "Лига" еицрыдыркылаз аиҳабыратә еилаӡараҿы.

АҞӘА, рашәара 6— Sputnik. Италиа Аиҳабыра рҽазыршәалоит Урыстәыла иаҿагыланы имҩаԥырго асанкциақәа раԥыхра — иҳәеит Италиа Аԥыза-министр ҿыц Џьузеппе Конте ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳара Урыстәыла аганахь ала ҳаартуп, асанкциақәа рсистемагьы аиҭахәаԥшра аҭахны иаабоит", — иҳәеит Италиа Аԥыза-министр ҿыц Џьузеппе Конте, Апарламент хыхьтәи апалатаҿы иқәгылараан.

Урыстәылеи Мраҭашәаратәи атәылақәеи реизыҟазаашьа ԥхасҭахеит украинатәи акризиси Ҟрыми инарыдҳәаланы.

Ажәабжьқәа зегьы
0