Иапониатәи аимператортә Ҩны алахәыла Урыстәыла даҭааит

© Фото : NurPhoto / Getty Images Принцесса Хисако Такамадо
Принцесса Хисако Такамадо - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асеиԥш аҩаӡара ҳарак змоу иапониатәи асас Урыстәыла аҵыхәтәантәи акәны даҭааит 1916 шықәса рзы, актәи адунеизегьтәи аибашьраан.

АҞӘА, рашәара 19 — Sputnik. Иапониа апринцесса Хисако Такамадо Саранск ақалақь даҭааит Иапониа еизгоу акомандеи Колумбиа еизгоу акомандеи реицыхәмарраан ркоманда адгылара алҭараз, насгьы ахәмарра ахәаԥшразы. Ахәмарра мҩаԥысуеит рашәара 19 рзы ҳәа аанацҳауеит апортал "Столица С".

Футбол. ЧМ-2018. Матч Тунис - Англия - Sputnik Аҧсны
Пол Маккартни имшираз англиатәи ашьапылампылтә команда аиааира агеит

Ахәмарра ашьҭахь, рашәара 21 рзы Такамадо акоманда аҽазыҟаҵарҭатә база даҭаауеит, рашәара 23 рзы Иапониеи Сенегали ркомандақәа реиндаҭлара дахәаԥшуеит.

Иазгәаҭоуп аҵыхәтәантәи 100 шықәса рыҩныҵҟа ари авизит раԥхьатәи визитны ишыҟоу Иапониатәи аимператортә Ҩны алахәылацәа рзы. Асеиԥш аҩаӡара ҳарак змоу иапониатәи асас Урыстәыла аҵыхәтәантәи акәны даҭааит 1916 шықәса рзы, актәи адунеизегьтәи аибашьраан.

Усҟан аҳәынҭқаррақәа рыҩбагь ганкахьала еибашьуан.

АИХ ишырыҩуа ала, 64-шықәса зхыҵуа Хисако Такамадо, 1998 шықәса раахыс адунеи ачемпионатқәа зегьы дырҭаауеит лтәыла ахәмарыҩцәа адгылара рыҭаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0